Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукОхота
Охота - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ирымоуп инеимда-ааимдо, инеиҭаҳәауа еизҳауа абиԥарақәа рҟынӡа иаауа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа. Ишәыдаагалоит Џьгьарда ақыҭа инхоз ажәабжьҳәаҩ, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ҳаҭыр зқәыз абырг Уанка Лагәлаа иҳәамҭаны ашәарыцара иадҳәалоу ажәабжьқәа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ашәарыцацәа рдырҩатә еиӷьхарц азы ирыҳәалароуп Ажәеиԥшьаа, Аимасаба, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа. Шәарыцара уаныҟоу ухы пату ақәуҵароуп, ҳаҭыр ақәуҵароуп, уҿы-унапы ӡәӡәаны, шәарыцара уанцо Ажәеиԥшьаа урыҳәаны, рыхьӡала ашәа ҳәаны, амҩа уқәлароуп, усҟан ауп ашәарах ануԥыло.

Ашәарыцаҩ ахра дықәланы дышнеиуаз, аҳәыш аҟны данынаԥш ибеит ашәарах, абӷаџьма аԥеи иареи. Уажәы ибазма ахысра, икылкаан деихсит. Абӷаџьма абӷа еҩҵәа иҭеиҵеит. Аӡыс ҵәаа-ҵәаауа, инықәԥала-аақәԥало, иқәгьежьуа инхеит. Деихсит деиҭеихсит, аха ахы иаҿашәом, иҵәаауеит, нырцә-аарцә иқәԥалоит.

Охота на перепела - Sputnik Аҧсны
"Уцара ззымдыруа уаара еигәырӷьааит": ашәарыцара иадҳәалоу ақьабзқәа

Деиҭеихсырц иԥсуа шәақь еиҵаҵаны инапы анеиҵихуаз аамҭазы, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа лыбжьы иаҳаит. "Уаҟәыҵ, излеиҵурԥхьо аҵә иахыҵуа еиҳа ухымҵааит", ҳәа лыбжьы иаҳаит. Убри аамҭазы, дазеиҵамхакәа деихсит, ахы ӷәӷәа ақәшәан ан ахьцаз инҭеиҵеит. Ари илҳәаз иаҳаит. Иақәикит иԥиҟарц идыррала лара лышәиԥхьыӡ.

Нарых аҳаԥы аҵаҟа инеигеит, рцәақәа рхихит, еиҿеирыԥхьеит, далаган ааҵә ԥиҟеит, ацәа ахырҵәрааны ирыцқьаны, ааҵә иахаҵаны, ари аӡыс дызқәыршәиааз агәаҵәа ҽҳәеиҵан еиҿеирыԥхьит, ифеит. Иҵәы днаханы, ақәеи аси ахьаԥырхагамыз, иахьақәымҵаауаз ахаҳә бжьара аҳаԥаҟны ицәыҵаҵаны иҵәахит.

Ишәарах ржьы шьҭыхны иманы иҭыԥахь дцеит, ифеит, ижәит. Дыҟоуп ари, дшәарыцоит, ашәарах ишьуеит, илшонаҵы ахра дықәуп, дажәит, акры ихыҵит, дзымныҟәо дҟалеит, иҩны дадхалт. Шықәсы шәкы ихыҵит, дынҭысит шәкы, дыԥсуам. Еиҳа-еиҳа дкәкәихеит, аиарҭа дыларшәуп, ииҳәо-ииуа изымдыруа аҟны днеит. "Абриаҟара иԥсы зықәхазеи?", ҳәа иҭынхацәа аԥшцәеи аҟәыдырԥацәеи иразҵаауа иалагеит.

Уи аамҭазы еилызкаауаз аӡәы, мыцхәы дыԥшҩуп ҳәа згәы иззаанагоз иҟны иахьнеиз, ари ара иқәшәииз ихы иархәаны иахьа уажәраанӡа дааиуеит, убри аҭыԥ иқәымлакәаны дыԥсӡом ҳәа рарҳәеит. Уи закузеи? Шәарыцара дахьыҟаз Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа диқәшәиит, дызлаиқәшәииз ԥхасҭамхартә аҵәы ҵәахны имоуп, абри бааны уаҩы имыхәо ианыҟалалак аамҭазоуп иԥсы анихыҵуа ҳәа адырра роуит. Идтәалт иара, ԥыҭк зхыҵуаз, ицныҟәалоз ашьхақәа рҿы, уара шәарыцара уанцаз атәқәа ҳзеиҭаҳә ҳәа иазҵаауан.

Аха, игәалашәом иара, дахьыҟоу издырӡом, дажәӡеит. Зегь дара роуп, аҵыхәтәаны зны, хәыҷык игәалашәан жәабжьны ицәыригеит. Абас, ахра аҟны исаҳахьаз, аҵәы шысҵәахыз еиԥш аҳаԥаҟны убра иҟазар ҟалап ҳәа убри аҵәы, убас иҿыцшәеит. Убри аамҭазы, ари ицныҟәалоз издыруаз рыла, еивас ахра икыдеибаҵа ицеит, еимдеит ирыԥшааит аҵәы. Инахаахеит иҩны-игәара, аԥсы даныԥслак ишьҭахь, инхаз амырԥхашьандаз ҳәа рҵәы амца инақәҵаны ирыблит. Мшаҽны ишцәыҵеиҵаз иҟаз аҵәы былны иааихылгеит, иаргьы иԥсы ааихыҵит. 

Ашәарыцаҩ арҩаш ахықә дықәланы дышнеиуаз аамҭазы ԥҳәыск лыҳәҳәабжьык иаҳаит. Иҟалаз збоит ҳәа арҩаш дынхықәгылт днаскьаны. Даныԥшы ибеит ԥҳәыск дҵәаауа дшаауаз. Лаԥхьа ақәыџьма цоит асаби ԥшқа даҿакны. Ари аниба ашәарыцаҩ ҟәыш еиликааит аӡы иҭаз Ӡызлан ҳәа изышьҭаз лхәыҷы ақәыџьма дшылцәагаз. Ақәыџьма деихсит иааигәа ианааи.

Ахәыҷы даҿҟьан аӡы далашәеит. Уи аамҭазы ларгьы дыԥан ахаҳә даақәыххит лхәыҷ иахь. Лыбжьы лыргоит "Ухымца камшәааит ашәарыцаҩ, сахьеиқәурхаз, схәыҷы дахьысзынужьыз азы", ҳәа, нас аӡыжь лыҽналалыжьын лхәыҷы длыманы дцеит. Ари иааџьеишьеит, илҳәазгьы ихы иадикылт. Дықәло днеиуа акыр днаскьахьан еиԥш, ахра аҟны ибеит ашәарах ӷра.

Ашәарыцаҩ Заур Ратиа - Sputnik Аҧсны
Шәарыцара идәықәлаз ауаҩы

Даара иџьеишьеит иибаз, изакәу еилыскаап иҳәан дагьеихсит. Ҳәарас иаҭахузеи, диқәныҳәахьан арахь ухы камшәааит ҳәа. Ахы ӷәӷәа ақәшәеит, ихәны идәықәлеит, дашьҭалт. Даман ишнеиуаз, ахра дук инадгылеит. Ахра ианадгыла, ахра агәашә дук ҿазшәа иаатит. Ашәарах ихәны иҟазгьы уахь иҭалеит, иаргьы дашьҭаланы дынҭалт. Данынҭала, ишьҭахьҟа абахә ашә ааиҿаҳан иакит. Дәыԥшӡа хәыҷык шәҭы мацараха, икакаҷха шҭакы дынҭалт. Данынаԥш ҩны гьежь хәыҷык гылоуп, алҩаҵә ҩеиуеит. Ӡӷабк дҳәыҵәы-ҳәыҵәуа ашә даалаххит. "Баба, баба", лыбжьы лыргеит. "Иҟалазеи?", иҳәан иӡӷаб лахь днаԥшит аб. "Ҳахәԥҳа хәны иаауеит, ашәарыцаҩгьы дашьҭоуп", лҳәеит. "Дааиааит", иҳәеит. "Ҳахәԥҳа кны иааг", иҳәан, дындәылҵит. Икны иаалгеит арахь. Ахәда хырҵәеит, акәац нҭаҵаны иржәит.

Ацәа заҵәык нышьҭаҵаны, егьи зегьы ақәаб инҭаҵаны иржәит. Амҿтәы еишәа инықәҵаны, раԥхьа инаргыланы инадтәалт. Акәац шаҟа рзыфашаз ифан ианалга, ахьтәы саан ахарҵәы анҵаны, ахьтәы мҳаҵә нахҵаны иааганы раԥхьа инықәлыргылеит. Ашәарыцаҩгьы гаӡак иакәмызт, иҟақәаз данрыхәаԥш, ахарҵәы имҵалыргылазгьы иаҵанакуаз еиликааит.

Алхас Конджариа - Sputnik Аҧсны
Алхас Канџьариа: ашәарыцара уанцо, уҿы уаԥшны уцәажәароуп

Ашәхымс дықәгыланы илыԥхьаӡоит, мҳаҵәк анихцыԥхьаӡа аҟара анылоит, 99 мҳаҵә анифа, ашәктәи ахь инапы анироуаз, "иузхоуп уажәшьҭа", лҳәеит Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа. Исаан ианызгьы аанҵәеит, иаргьы асаан нықәиргылеит. Ацәа аалган, лаб иааимҵалкит. Аишәа ахы аалаирхан, ахәхәаҳәа абаҩ зегьы нҭаиԥсеит, ахы ааикәаирҵәиин, иҟамчы аакнихын – "ашәарыцаҩ ихәхааит" ҳәа ианиҟьа, инаҵҟьан индәылԥан абна инылахәаша ицеит. "Саргьы уажәшьҭа сцоит", иҳәеит ашәарыцаҩ. Доужь иҳәеит, ларгьы днеин агәашә аалыртын, дныҭлыжьит.

Дышнеиуаз такәы днаскьахьан еиԥш, данынаԥш ибеит ашәарах шкыдыз. Деихсын, икәалаауа иаԥхьаҟа инеины икаҳаит. Иаҳәызба аҭра кны данааха, иаҳәызба аҭра мацара ыҟоуп ахаҭа ыҟамызт. Саҳәызба абацеишь ҳәа даауазырит. "Ҟоҳ, акрахьысфаз аишәаҟны инымхеи" ҳәа иааигәалашәеит.

Ишәақь иаҿаз ашьанҵа ааҿихын, иааиҿасырԥхьап ҳәа амаха аҟны икны даннаха, акы хәхәаӡа, икәымпылӡа иаван. Ианааирҟьа иаҳәызба ахәы аакылыҳәҳәеит. Ажәеиԥшьаа ирымфаз ашәарах ашәарыцаҩ имоуазаарын, ишәақь ааиҿаирԥхьан иманы аҭыԥ ахь дгьежьит.

Иҭыԥ аҟны дааит, иҟалақәаз имҳәаӡеит, лассы-лассы шәарыцара дцон, жәаба иҭахызаргьы ишьуан. Аха, ари иифаз имҳаҵәқәа иԥхьаӡон, шаҟа ишьуаз, шаҟа нихуаз. 99 рҟны даннеи ашәарыцара даҟәыҵит. Ирҳәон аҭыԥ уаа "шәарыцара ҳга, шәарахк ажьы ҳҿаҵа, ҳцеит, ҳааит, аха иҳауам", ҳәа. Мамоу, уажәшьҭа исылшом иҳәон.

Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәынба ашәарыцара иазкны: агәыцқьара ацзароуп

Аха, аҭыԥ ирымҭеит. Идыруан, ашәктәи анишь иԥсҭазаара уаҳа ишыҟамлоз. Ддыргәаҟит, аха иаргьы иуамызт. Аҵыхәтәаны даныхҭаркӡа, "исыхьлакгьы сыхьааит, сыԥсуазар акәхап, аха хьӡыла сыԥсааит, шәаала", иҳәан, дыззымцоз рамҳәакәа раԥхьа днагылан ишнеиуаз, ашәарах ахькыдыз инарылаҳаит. "Шәааскьа арахь" иҳәан, ишәақь нықәиҵеит.

Мамоу, уара умхыскәа ҳхысуам, рҳәеит. Сыхҭыс абри ауп иҳәан, иҟалаз-ианылахьаз зегьы рзеиҭеиҳәеит. Хышәкы иоурц азы данхысуаз аамҭазы ашәарах кәалаауа инҭеиҵеит, иаргьы иԥсы неихыҵит. Ашәарахгьы хазы ишьҭырхит, иаргьы хазы даашьҭырхын иҭыԥ аҟны дааргеит. 

Абри еиԥш ала, ажәытә ашәарыцара ҳаҭыреиқәҵарақәа аман, уажәы ҳаҷкәынцәа урҭқәа анагрыжьуа ыҟоуп. Рдырҩатә еиӷьхарц азы ирыҳәалароуп Ажәеиԥшьаа, Аимасаба, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа.

Шәарыцара уаныҟоу ухы пату ақәуҵароуп, ҳаҭыр ақәуҵароуп, уҿы-унапы ӡәӡәаны, шәарыцара уанцо Ажәеиԥшьаа урыҳәаны, рыхьӡала ашәа ҳәаны, амҩа уқәлароуп ашәарах ануԥыло. Абарҭқәа ҳаҭыр рықәышәҵала, ҳаҷкәынцәа-ашәарыцацәа!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0