Арадио

Манаргиа аӡынтәи Риҵазы: гәынамӡарас иҟоу асы ахьмаҷу ауп

Арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа еиҭеиҳәеит сынтәа аӡынра Риҵа зеиԥшроу.
Sputnik
Манаргиа аӡынтәи Риҵазы: гәынамӡарас иҟоу асы ахьмаҷу ауп

"Ҵыԥх уажәаангьы Риҵа ҳаҟан Sputnik афотокорреспондент Томас Ҭҳаиҵыҟәи сареи, уи аамҭазы метрак аҟара асы шьҭазар ҟаларын. Сынтәа уи иаҿырԥшны даара имаҷуп асы, аха иҟоуп. Ауаа  Риҵа иаҭаауа маҷӡам. Арахь ихало рмашьынақәа гәарҭароуп. Аекскурсиала иаауа рмашьынақәа аӡынтәи абарбалқәа рыла еибыҭоуп, мамзаргьы азенџьыр рхоуп. Излаҳбо ала автобус маҷқәа, амашьынақәа Риҵаҟа ихалоит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи", - иҳәеит Манаргиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: