АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Аԥсны иҟоу аамҭалатәи аенергодефицит ахҩара азҵааразы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи Урыстәыла аенергетика аминистр Александр Новаки ҭелла еицәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Александр Новак иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа рыӡыбрала урыстәылатәи аган иахәҭаны иҟоу аструктурақәа адҵа рнаҭахьеит ҳәа.
"Уажәазы атехникатә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ҳарҿуп хара имгакәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аиуразы", - иҳәеит Новак.
Ауснагӡатә амҩаԥысшьа ахылаԥшра инапы ианҵоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.
2019 шықәса рзы Урыстәылантәи афымцалашара Аԥсныҟа аашьҭра ахәԥса 190 миллион мааҭ артәеит. 2016 - 2017 шықәсқәа раан – 771,812 миллион мааҭ.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: