Бганба Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡоз диԥсахит

Михаил Пиканин ииԥсахыз Идрис Кара-Осман-оӷлы ажьырныҳәа 16 рзы Валери Бганба идиҵахьан Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа рынагӡара.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ажьырныҳәа 30 рзы Михаил Пиканин Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа рынагӡара идиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ажьырныҳәа 30 рзы Михаил Пиканин Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа рынагӡара идҵо, ихы дақәиҭитәит Идриса Кара-Осман-оӷлы, ажьырныҳәа 16 рзы Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа рынагӡара здиҵаз.

Михаил Пиканин 2018 шықәса раахыс Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы жәларбжьаратәи аимадара аҟәша аҟазауаҩыси дзиудо азы ареспублика Афедерациа ахантәаҩыси дыҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Кара-Осман-оӷлы: Аԥсны ашьапылампыл ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иалацәажәатәуп