Иманшәалам: аԥснытәи атуристтә усхк афымцалашара аҟамзаара шаныԥшыз

Макьаназ туристк апутиовка мап ацәимкыцт Аԥсны аамҭа-аамҭалатәи афымцалашара ахьдырцәо иахырҟьаны. Ус шакәугьы, аҭагылазаашьа ҳәарада аусхк анырра анаҭоит ҳәа иазырыԥхьаӡоит "Атуризм аԥснытәи аидгылаҿы".
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 31– Sputnik. Аԥсны аамҭа-аамҭалатәи афымцалашара ахьдырцәо иахырҟьаны атуристтә бизнес ацәыӡқәа анаҭоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит "Атуризм аԥснытәи аидгыла" ахада Анна Калиагина. Макьаназ туристк апутиовка мап ацәимкыцт Аԥсны аамҭа-аамҭалатәи афымцалашара ахьдырцәо иахырҟьаны аха ус шакәугьы аҭагылазаашьа ҳәарада аусхк анырра анаҭоит лҳәоит лара.

"Аҭагылазаашьа ҳашьцылеит. Ательерцәа заанаҵы уи рҽазыҟарҵоит. Аха лассы-лассы афымца ацәараан амыругақәа ԥхасҭахоит. Ибылуеит аҳауархьшәашәагақәа, афатәрхьшәашәагақәа. Атехника ахә маҷӡам. Ари зегь цәыӡуп ауаа рзы. Ахарџь ду иаҵалоит. Ҳәарада абизнес анырра бзиамкәа иаиуеит" ҳәа азгәалҭоит Калиагина.

Афымцарцәара аусуцәа рзгьы ауадаҩрақәа аҵоуп. Иара уҽақәуршәалароуп.

"Атурист игәы иақәшәартә ҳхы мҩаԥаагалароуп. Аграфикқәа ирнахалатәуп, ираахалатәуп. Рыкрыфараҵәҟьа аграфик ианыршәалатәуп", - лҳәоит Калиагина.

Иҟоуп аотельқәа ашықәс зегьы аус зуа. Урҭ адизельтә генераторқәа рымоуп аха иазхом. Агенератор аотель зегьы иазхаша афымцалашарала иазеиқәыршәом.

"Атуристцәа ирзеиҭаҳҳәоит аҭагылазаашьа, аха фымцалашарада атәара зегьы ирҭахым. Ауаҟьан-чаҟьангьы ҳаухьеит отельк аҿы. Ашықәс ҿыц ауха апрограмма бзиа еиҿкааны иҳамоуп ҳҳәеит, арахь алашара дырцәеит. Ажьырныҳәа 1 азы ауаа еиқәыхьшәашәа иааԥшит. Ауаа арахь ԥсшьара иаауеит, рхы дыргәаҟырц акәӡам" - лҳәоит лара.

Аԥсны афымцамч аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. Уи аус аӡбаразы аҿҳәарақәа ирнахар акәхеит Аԥсны аполитикатә проблемақәа ахьцәырҵызи Урыстәыла аиҳабыра ахьырыԥсахзи иахҟьаны.

Агазеҭ "Коммерсантъ" адыррақәа рыла, Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра иалагоит жәабран 1 инаркны. "Интер РАО" иаанашьҭуа афымцалашара ахәԥса 2 мааҭк иаԥсахоит киловатт-сааҭк азы.

Аекономика аминистрра: Урыстәылантәи афымцалашара аашьҭра арыцхә шьақәыргылам

Ажьырныҳәа 31 рзы Адгәыр Арӡынба ишааицҳаз ала, Урыстәылантәи Аԥсныҟааашьҭра арыцхә иаламцәажәаӡацт.

Аԥсны иҟоу аамҭалатәи аенергодефицит ахҩара азҵааразы Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи Урыстәыла Афымцамч аминистр Александр Новаки ҭелла еицәажәеит ажьырныҳәа 29 рзы.

Александр Новак иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа ацхантәаҩцәа рыӡыбрала урыстәылатәи аган иахәҭаны иҟоу аструктурақәа адҵа рнаҭахьеит ҳәа. Аха абри ашьҭахь уаҳа дыррак ыҟам рҳәеит аминистрраҿы.

Аԥсны ажьырныҳәамзазы Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит атәылахь афымцалашара аашьҭразы, Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу инамаданы. Уажәы уа аӡы аҩаӡара 439 метра иҟоуп. 420 метранӡа ианлеилак, афымцастанциа аусура ааннакылоит. Убри азыҳәа ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит. Есҽны ахархәаҩцәа ҩынтә ҩба-ҩба сааҭ фымцалашара иаанхоит.

Бармышьаа афымцалашара аамҭала арцәаразы: амаругақәеи аалыҵ ахаҭабзиареи ирныԥшуеит

Аӡы аҩаӡара мышкы иалагӡаны метрак аҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхьаӡарақәа рыла афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар, ма урыстәылантәи иаагамхар, жәабран 10-12 рзы астанциа аус амур ҟалоит, ма уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩба-хԥа сааҭ аус аулоит.

ЕгрыГЕС ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ақәоура маҷуп. Иахьынӡаԥхарраз афымцамч ахархәара уахыки-ҽнаки рыла 8 - 8,5 миллион киловатт-сааҭ ыҟан. Ишаахьҭахаз, уи еиҳагьы иацлеит.

Бганбеи Новаки реицәажәара ашьҭахь ауснагӡатә амҩаԥысшьа ахылаԥшра инапы ианҵан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

2019 шықәса рзы Урыстәылантәи афымцалашара Аԥсныҟа аашьҭра ахәԥса 190 миллион мааҭ артәеит. 2016 - 2017 шықәсқәа раан – 771,812 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: