Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аашьҭра аҿҳәара нықәырԥшшәа ирҳәеит

Уажәы Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәоит Урыстәылантәи Аԥсныҟа уи аашьҭра иалагаанӡа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аушьҭра иалагоит жәабран 1 инаркны. Абри атәы аҩуеит агазеҭ "Коммерсантъ", аус атәы здыруа ахыҵхырҭақәа рдыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Афымцалашара Адлернтәи Аԥсныҟа Афымцалашара мҩанызго ацәаҳәа "Салхони" ала аашьҭра иалагоит Урыстәыла афымцамч аимпорт-експорт мҩаԥызго аоператор "Интер РАО". Жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы аенергодефицит ахҩаразы иаашьҭхоит 200–250 миллион киловатт-сааҭ.

"Интер РАО" иаанашьҭуа афымцалашара ахәԥса 2 мааҭк иаԥсахоит киловатт-сааҭк азы.

Аԥсны ажьырныҳәамзазы Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит атәылахь афымцалашара аашьҭразы, Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы агхара иахьаҿу инамаданы. Уажәы уа аӡы аҩаӡара 439 метра иҟоуп. 420 метранӡа ианлеилак, афымцастанциа аусура ааннакылоит.

Урыстәылантәи афымцалашара аашьҭра азҵаара иалацәажәеит

Убри азыҳәа ажьырныҳәа 27 инаркны Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны аамҭа-аамҭала афымцалашара дырцәо иалагеит. АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцалашара арцәара аграфик рыланаҳәеит. Есҽны ахархәаҩцәа ҩынтә ҩба-ҩба сааҭ фымцалашара иаанхоит.

Аӡы аҩаӡара мышкы иалагӡаны метрак аҟынӡа илаҟәуеит. Аԥхьаӡарақәа рыла афымцалашара мышктәи ахархәара 4,5 миллион киловатт-сааҭ рҟынӡа еиҵатәымхар, ма урыстәылантәи иаагамхар, жәабран 10-12 рзы астанциа аус амур ҟалоит, ма уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩба-хԥа сааҭ аус аулоит.

ЕгрыГЕС ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ақәоура маҷуп. Иахьынӡаԥхарраз афымцамч ахархәара уахыки-ҽнаки рыла 8 - 8,5 миллион киловатт-сааҭ ыҟан. Ишаахьҭахаз, уи еиҳагьы иацлеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: