Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
Зегьы зегьы рдыруеит
Жәларбжьаратәи амш аинтернет ада 2020 шықәсазы ажьырныҳәа 31 аҽны иазгәарҭоит. Ари амш аныҳәа хадақәа рсиаҿы ишаҳԥыхьамшәогьы, ҳаблақәа хҩаны ҳзавымсӡеит.
Аинтернет иҳаднагало хәарҭара злоу адыррақәеи, урҭ реизырҳаразы ахархәагақәеи, миллионҩыла ауаа ахныҟәгара рылзыршо аусурҭақәеи уҳәа, ҳнадыххыланы иаҳзеиқәыԥхьаӡарым. Уи аангьы, адунеи аҟны абзиара мацара иазҳәоу, ԥырхага узымҭо, абзиа уны аҭак иазыԥшым изакәызаалак акы ахьӡ аҳәарагьы уадаҩӡоуп. Ак уҭаны (адырра) даҽакы умызхуа (аамҭа) иреиуоуп аинтернетгьы.
Аԥсуа хархәаҩцәа рвиртуалтә ԥсҭазаара ҳалацәажәозар, аӡәгьы изы имаӡамхар ҟалап аудиториа аиҳарак "Феисбук" ишеизнаго азгәаҳҭар. Аԥсуа "Феисбук" ахаҭа асоциалтә ҳақәеи аинформациатә хархәагақәеи рсиаҿы ахатә ҭыԥ азалхзаргьы ауеит, убриаҟара амчхара ӷәӷәоуп. Аԥшьбатәи амчра моу, актәи амчра анапахьы иаанагарц егьагым.
Уи, ҳәара аҭахума, хәҭакахьала илафуп. Убасҵәҟьа ҳәара аҭахымкәа "Феисбук" аҟны зегьы бзиа еицырбо, гәахәара дулагьы излацәажәо темоуп аполитика. Аҳәынҭқарратә усқәа рылацәажәара анаҭаххалак – уи аҩыза аҭахра ҳтәылаҿы еиԥҟьарада иҟоуп - "Феисбук" ахархәаҩцәа зегьы зныкҟьарала иполитикцәахоит. Убасҟан иалагоит агәаанагарақәа реимдара агәынҷыхьажәақәа реибагәыдҵарахь ииасуа апроцесс.
Иара убасгьы иҟоуп зхы пату ақәызҵо, егьырҭгьы ҳаҭырла ирзыҟоу ахархәаҩцәагьы. Ҳәаа змаӡам аинтернет адунеи аҟны абзиеи ацәгьеи еиҟароуп. Ахархәаҩ иара ииҭаху ауп иалихуа.
Иахьак иааучҳар, акгьы ухьуам
Абраҟа ахала ахы цәырнагоит аинтернет ииашаны ахархәашьа азҵаара: досу ихы ишаирхәо, насгьы уи заҟа аамҭа ақәирӡуа. Азеиԥш ԥсҭазаараҿы асоциалтә ҳа иҵаулаӡаны адацқәа шашьҭхьоу апсихологцәеи асоциологцәеи еицҿакны аҳәара иаҿуижьҭеи акрааҵуеит. Аинтернет ахьыԥшра ҳаԥсҭазаараҿы аҭыԥ ӷәӷәа шамоу апрофессорцәа ирымҳәаргьы, уи аилкааразы рацәак аблаҵарра аҭахны иҟаӡам.
Аӡыҵәҟьагьы мыцхәы узыжәӡом ҳәа шырҳәо еиԥш, изакәызаалак акы ахьыԥшра, ишакәызаалакгьы, иҽеиӡам. Ауаҩы акы данахьыԥшу, уи иара ихаҭа изгәамҭаӡакәа ихақәиҭрагьы ҵнашәаауеит. Жәларбжьаратәи амш аинтернет адагьы, мышкы заҵәык ианадамха ауаҩы ихы иақәиҭтәразы ауп изаԥшьгахаз адунеи аҟны.
Зыӡбахә ҳамоу жәлабжьаратәи амш ныҳәак аҳасабала иахәаԥштәым, избан акәзар ҳәынҭқаррак аҟнытә макьана ҷыдала иазхаҵаӡам. Аха аусмҩаԥгатә аҳасабала аныҳәа ахы ахьакыз ҳәа иԥхьаӡоуп Англиа. Уаҟа ари арыцхә еиуеиԥшым ауаажәларратә еиҿкаарақәа иазгәарҭоит 2000-тәи ашықәсқәа ралагамҭа инаркны. Ари аныҳәа ҳаналацәажәо, еиҳарак ахархәара амоуп атермин "адунеизегьтәи афлешмоб".
Аинтернет ада амш хықәкы хадас иамоу асоциалтә ҳақәа рхьыԥшра аҿагылара ауп аҟнытә, адунеи еиуеиԥшым акәакьқәа рҟны имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәагьы еиуеиԥшым. Урҭ зегьы еидызкыло идеиоуп алахәылацәа зегьы уи аҽны аинтернет хархәагақәа зегьы хымԥада мап ахьырцәыркуа.
Ишаԥу ала, уахыки ҽнаки асоциалтә ҳақәа рхархәара азин ыҟаӡам. Ари азакәан минуҭк иадамзаргьы аилагара згәаӷьуа афлешмоб далцоуп ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Ажьырныҳәа 31 аҽны аигәныҩра, аицәажәара, аибабара аинтернет ада имҩаԥысуеит. Амессенџьерқәа рҭыԥан - аиҩызцәа реиԥыларақәа, авидеочат ацынхәрас – аиҭанеиааира, мамзаргьы ҭаацәашәала аибабара. Ихәыцу авиртуалтә дунеи аҭыԥан – аԥсҭазаара.
Атәым милаҭқәа ирҿаҳҵаауа аҵасқәа ишаԥу еиԥш еснагь ҳрықәыӡбоит, аха аинтернет ада жәларбжьаратәи амш лахь зҭатәу акәымзар ҟалап. Шықәсык аҟны 365 мшы ахьыҟоу мышкы заҵәык акгьы аԥсахӡом ҳәа згәы иаанагогьы ҟалашт. Аха зегь раасҭа ихароу амҩаҿгьы иҟоуп актәи ашьаҿа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Цукерберг: аҳәынҭқарра аинтернет ахылаԥшра анаҭароуп
Ашәба аныҳәақәа ирызкны: ахы-аҵыхәа ҭымҵаакәа аԥсуа иныҟәигоит ҳәа далагомызт
Аҩӡба: ҳҿар атәым ныҳәақәа бзианы ишьҭыркаауеит