Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҧҵан 1996 шықәса рзы Риҵатәи аҳәырҧсарра аҵакырадгьыл аҟны. Апарк ахышәа-ҵышәа иартәоит 39 000 гектар. Амшын ахыхьала 100 метрак инаркны 3256 метра рҟынӡа арельиеф аиҟәшара иабзоураны ара иҟоуп еиуеиҧшым аҵиаа хкқәеи аҧстәы хкқәеи реизҳаразы аҭагылазаашьа бзиақәа.