Борис Ашәба Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа рырҿиаратә Еидгыла далахәылахеит

Борис Ашәба 16 усумҭа рыдигалеит Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа рырҿиаратә Еидгыла акомиссиа, аидгыла далахәылахарц азы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Борис Ашәба иусумҭақәа 16 рыхә шьаны Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа рырҿиаратә Еидгыла ахь дрыдыркылеит.

Борис Ашәба "ишьхақәа рыкәашара"

"Сара сзы ари ԥышәара дууп. Акомиссиа еицҿакрыла аидгылахь срыдыркылеит. Уи даара игәышьҭыхгоуп сара сзы", - иҳәоит иара.

Борис Ашәба 16 усумҭа рыдигалеит Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа рырҿиаратә Еидгыла акомиссиа, аидгыла далахәылахарц азы. Борис Ашәба дхәыҷаахыс асахьаҭыхра инапы алакуп. Аҵара иҵон Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы.

"Рҵаҩыс дсыԥхьаӡоит Геннади Лакоба. Асовет ар рҟны аррамаҵзура санахыс ашьҭахь сҵара иацысҵеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Аекономикатә факультет салгеит. Абри ашьҭахь Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә академиаҿ аспирантура сҭалеит, акандидаттә диссертациа сыхьчеит", - иҳәеит Борис Ашәба.

Аспирантура ашьҭахь Борис Ашәба Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз аҳәынҭқарратә программа апроект аус адиуылон, иара убри аамҭазы ААУ аекономикатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Уажәы асахьаҭыхыҩ Москва дынхоит, аха Аԥсны абзиабара шимац имоуп.

Иусумҭақәа рҿы аҭыԥ рымоуп Мысра, Риҵа, Гагра, Афон Ҿыц, Бедиатәи ауахәама.