Арадио

Азиндырҩы Смыр: аԥшьгаратә гәыԥ кандидатс зыхьӡ рҳәаз мап рцәикыр ауеит

ААУ азиндырратә факультет адекан, азинтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Сергеи Смыр арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара шымҩаԥысуа, насгьы алхратә агитациа аан амаҵура ныҟәызгоз аус рур ҟало иҟамло ртәы.
Sputnik
Азиндырҩы Смыр: аԥшьгаратә гәыԥ кандидатс зыхьӡ рҳәаз мап рцәикыр ауеит

"Ауаҩы ихьӡ рҳәеит ҳәа акгьы аанагаӡом, иара идыргало дақәшаҳаҭхароуп, убасгьы азин имоуп мап ацәкра. Дақәшаҳаҭзар Алхратә комиссиа хадаҟны арзаҳал иҩыроуп кандидатс дышцо, иаирбароуп арзаҳал аҟны иааныикылоо аҭыԥ шаанижьуа далырхыр. Аҭыԥ аанрыжьуеит апрезидент, аминистрцәа реилазаара иалоу, аусӡбаҩцәа, насгьы егьырҭ аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны аус зуа, ауалафахәы зауа. Уахь иаҵанакӡом аҭҵаарадырратә, арҿиаратә, арҵаҩратә усура знапы алаку. Акандидатцәа зегьы рмаҵзура аанрыжьроуп апрезидент ида. Иахьа аҳәынҭқарра ахада дҳамаӡам. Азакәан аҟны иануп ажәытә президент инапынҵақәа наигӡоит аҿыц далырхаанӡа, аҭоуба шьҭаиҵаанӡа. Алхратә агитациа ахьынӡацо апрезидент ида егьырҭ рмаҵура аамҭала иааныркылароуп. Иалрымхыр русура иазыхынҳәыр алшоит. Макьаназы ашәҟәы иҭаҩу агәыԥқәа роуп, акандидатцәа рыхьӡ рҳәеит аҟароуп. Макьана ақьаадқәа еизгатәуп, 2 нызқь иреиҵамкәа анапынҵақәа аҭахуп, урҭ алхратә комиссиа хадаҟны инаргароуп, арзаҳал ҩтәуп. Уаанӡа ҭынч аус ахьыруаз  ируеит. Макьана акандидатцәа ашәҟәы иҭагалаӡам, иҳамаӡам. Партиак ахаҭарнакцәагьы неит, ашәҟәы иҭаргалеит, аха аизара мҩаԥганы аӡә ихьӡ рымҳәацт, уи азы аԥкаанҵа нарымгазацт алхратә комиссиахь", - иҳәеит Смыр.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ахада иалхрақәа рҽырзыҟаҵара аплан
  • Азиндырыҩ: ахадарахьы акандидатцәа аамҭала рнапынҵақәа аанрыжьуеит