Арадио

Ҭодуа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" аҟны алԥшаарақәа рыиагара зыхҟьаз атәы

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәыҷтәы студиахь алԥшаарақәа зыиагахаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит астудиа "Нарҭ" асахьаркыратә напхгаҩы Гудиса Ҭодуа.
Sputnik
Ҭодуа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" аҟны алԥшаарақәа рыиагара зыхҟьаз атәы

"Аԥсны ахьҭалаларақәа ирыхҟьаны ачымазарақәа рацәоуп. Уи иахҟьаны алԥшаарақәа рымш ииаҳгарц ҳаӡбеит. Иааиуа амҽыша жәабран 9 рзы изҭаху зегьы алԥшаарақәа рхы рыладырхәыр рылшоит асааҭ 12 рзы. Ахәыҷқәа 13 инаркны 18 шықәсанӡа астудиаҟны аҵара зҵар зҭаху "бзиала шәаабеит" ҳәа раҳҳәоит. Хымԥада, иҟоуп аԥҟарақәа. Зегь раасҭа ихадоу иреиуоуп аԥсуа бызшәа адырра. Уажәы аиҵбыратә акәӡам, аиҳабыратә гәыԥ алҳхоит, убри аҟынтәи алԥшаара аԥҟарақәа иаҳа иџьбарахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Иалҳхыр ҳҭахуп актиортә ҟазарахь иаҳа зхы зырхо", - иҳәеит Ҭодуа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: