Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik
- Гәдиса, уара аибашьра ашьҭахьтәи абиԥара урхаҭарнакуп. Ухәыҷра шԥаугәалашәо, насгьы иара зеиԥшрааз?
- Аибашьра ашьҭахь ииз абиԥара ҳхәыҷра уамакала ибзиан ҳәа сызҳәаӡом, избан акәзар аԥсҭазаарагьы уамак иманшәаланы иҟамызт. 2002 шықәсазы раԥхьаӡакәны ашкол ахь санцоз аламҭалазы дсоуит аиаҳәшьа. Цәыббра 1 аҽны, сан лаҳәшьа сеилаҳәа-сеилаца, ашкол ахь сылгаанӡа, раԥхьа сан лҟны ахшараиурҭахь сналгеит. Исгәалашәоит сан дсызгәдууны, хыхь аԥенџьыр аҟынтәи дышсыхәаԥшуаз. Аиашазы, имариаӡамызт уи аамҭа. Аибашьра ҟалаанӡа ииз сашьеиҳаб ифотосахьақәа санрыхәаԥшуа, сара избарҭоуп уи ихәыҷра акала еиҳа ишеиӷьыз сара стәы аҵкыс.
- Избан уара узактиорхаз?
- Ари азанааҭ схала иалысхит ҳәа сгәы иаанагаӡом, "хыхьынтәи" адырга соузар ҟалап. Исҳәоит ус сгәы изаанаго... 2013 шықәса лаҵарамзазы ашкол алгара аамҭа анааи, сҩызцәеи сареи аԥышәарақәа рҽырзыҟаҵара ҳаҿын. Усҟантәи аамҭазы зныкгьы сгәы иаанамгацызт актиор изанааҭ алысхып ҳәа. Насгьы Урыстәыла аҵара аҭаларазы, ишаҳдыруа еиԥш, имаҷымкәа ахарџьгьы аҭахуп. Убри аҟнытә сара заанаҵы иалысххьан ажурналистика. Аха, аԥхьан ишысҳәаз еиԥш, хыхьынтәи дыргак соузшәа, уи ашықәсан Аԥснытәи аҳәынҭқарратәуниверситет аҟны ажурналистика ахырхарҭа ала астудентцәа рыдыркылаӡомызт.
Ҽнак, ашкол аҟны аурыс бызшәа ҳазҭоз арҵаҩы акласс зегьы иҳалалҳәеит Аԥсуа театр аҟны Санкт-Петербургҟа Атеатралтә институт ахь астудентцәа рышьҭразы акастинг шымҩаԥырго. Сҭаацәа ирамҳәакәа сара уи акастинг сҽаласырхәын, х-етапкны имҩаԥыргоз ахәаԥшрақәа актәи аетап ала сахысит. Аҩны сааиаанӡа аҭел исзасхьан Питерҟа аҵарахьы уҽеизгала ҳәа. Ҳәарада, сҭаацәа рзы иџьашьатәхеит ашкол салымгацкәа Урыстәыла аҵара аҭалара ахьызгәаӷьыз, азныказы иагьацәшәеит, аха Анцәа ила иаарласны сҵарахьы амҩа сықәлеит.
- Иарбан рольу зегь раасҭа асценаҿы зынагӡара уҭаху?
- Урҭ рацәоуп, аха иалыскаарц сылшоит Шекспир иаԥиҵаз ахаҿсахьақәа. Аурыс классикаҟынтәи - Чехов ихаҿсахьақәа.
- Актиорцәа лассы-лассы еиуеиԥшым арольқәарыманы асценахь ицәырҵуеит. Рольк аҟнытә даҽакахьы аиасра уара узы изеиԥшрои? Иҟалалома руакы мыцхәы уанагәыланахало?
- Уи апрофессионалтә цәаҩа иацуп, аҵараҿы иудырҵоз аԥҟарақәа урыцныҟәар, иацу ауадаҩрақәагьы уриааиуеит.
Иаҳҳәап, мышқәак раԥхьа Аԥсуа драматә театр аҟны иҟалеит убри аҩыза аҭагылазаашьа, аспектакль "Махаз" афырхаҵа хада Шьаликәа ироль назыгӡоз актиор мзызқәак ирыхҟьаны асценахь ацәырҵра анилымшаз. Сара исыман 24 сааҭ ԥсабарала исцәыхараз ароль сҽагәылахаланы, атекст ҵаны уи анагӡаразы. Асценахь санцәырҵуаз ҩнуҵҟала агәраганы сыҟан ароль шысзынамыгӡоз. Сгәанала актиор ахаангьы инагӡаны ихы дақәгәыӷуа асценахь дцәырымҵроуп. Иара данылакҩакуа, агәыҩбарақәа данеимдырххо, убасҟан ауп иахьынӡахәҭоу илшара зегьы ироль аҟны аарԥшра анилшо. Шьаликәа ирольгьы лакҩакрак сыманы сахьазнеиз иабзоуроуп ҳәа сгәы иаанагоит ицәгьамкәа уи анагӡара ахьсылшаз.
- Уажәааигәа уара иқәургылеит "Аԥсуа литература ашедеврқәа" захьӡу апроект ахԥатәи ахәҭа. Ари ақәыргыламҭа ихадоу ҵакыс иамоу уалацәажәар сҭахын…
- Иҿыцу ҳаамҭазы аԥсуа театр раԥхьатәи ашьаҿа бзиақәа ҟанаҵошәа сгәы иабоит. Ҳхатәы бызшәа ауадаҩрақәа анамоу аамҭазы аԥсуа ҿар рзы "Аԥсуа литература ашедеврқәа" хымԥадатәзар ҟалап. Иаҳҳәаргьы-иаҳӡаргьы, иара аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы акәзаргьы, сгәаанагарала, аурысшәа ауп аԥыжәара змоу. Убри аҟнытә ҳара ҳакәша-мыкәша аԥсуа бызшәа аҳәаақәа заҟа иаҳзырҭбаауа, заҟа ахархәара ҳзаҭо ауп изыбзоуроу уи аҿиашьагьы, аӷьацашьагьы. Уи аганахьала ҳапроект алшарақәа ҟәнушьартә иҟаӡам, избан акәзар раԥхьаӡа инаргыланы абызшәа ацқьара, абеиара ауп иӡырнаго. Агәыӷра ҳамоуп аԥсуа поезиа абзоурала ҳхатәы бызшәа даҽазныкгьы аҿар азхьаҳарԥшып ҳәа.
Аԥсуа режиссиор лусумҭа британиатәи акинофестиваль апрограмма иалалоит>>
- Асцена анҭыҵ уактиортә ҟазара ухы ианаурхәо ҟалахьоума?
- Иҟалахьеит урҭ реиԥш аҭагылазаашьақәагьы. Хымԥада ари азанааҭ аԥсҭазаараҿгьы иухәоит, аха уи сара мыцхәы ахархәара асҭаӡом. Избан акәзар узанааҭ аҳәаақәа рҿы акәыз, иара усгьы аԥсҭазаараҿы акәыз, ауаҩы еснагь иуаҩра дацәхьамҵлароуп ҳәа исыԥхьаӡоит.
- Атеатр кыр иазааигәоуп акино. Уара акино аҟны изныкымкәа уҽҭуххьеит. Ишԥаудукылеи урҭ аҭыхрақәа, насгьы аԥсуа милаҭтә кинематограф иахьа аҿиара абанӡамоу?
- Аҽҭыхрақәа рацәаны исыман сызҳәаӡом, избанзар аҵара салгеижьҭеи ҩышықәса роуп иҵуа. Аха акы-ҩба киносахьақәа рҟны еиуеиԥшым арольқәа насыгӡахьеит. Уажәааигәаӡа Кембриџьнтәи дааны дыҟан англиатәи арежиссиор Сем Жьури. Лара ара иҭылхуан аибашьра иалагаанӡа мышкы шагыз имҩаԥысуаз ахҭысқәа аазырԥшуаз афильм. Уа сара инасыгӡон ҩ-рольк. Сара англыз бызшәа ахьысзеилымкаауаз маҷк ҳбызшәа еибакуамызт, аха аиҭагаҩ дҳаман аҟнытә уи ауадаҩра ҳазцәырнагаӡомызт. Аиашазы, даараӡа исгәаԥхеит урҭ аус рыцура, кырӡа агәахәарагьы снаҭеит.
Амилаҭтә кинематограф хымԥада иаҭахуп. Аԥсшәа арҿиара мацаразы акәымкәа, адунеи аҿгьы ҳабжьы раҳарц азы. Аха уи атеатр аасҭа аиҿкаара еиҳа иуадаҩуп. Раԥхьаӡа инаргыланы уи иацуп ахарџь рацәа. Иаҳҳәап, 20 минуҭ ицо аметрбжа аҭыхразы миллион мааҭ еиҵамкәа иақәхарџьтәуп. Ҳәарас иаҭахузеи, иҟоуп абаҩхатәра ду злоу арежиссиорцәа ҿарацәа. Аха ирацәаҩны зыӡбахә ҳамаз афинанстә уадаҩрақәа рҵыхәала акино рызҭыхӡом.
Аха уи ҳгәы канажьлар ауӡом, иарбан ҭагылазаашьазаалак алҵшәа ҳаԥшаалар ҳахәҭоуп. Аӡәгьы изы имаӡаӡам, иаҳҳәап саргьы шықәсык инеиԥмырҟьаӡакәа ахәыҷтәы студиаҿы хәыда-ԥсада аус шызуаз. Шықәсык анҵы ауп аспонсорцәа анцәырҵыз. Ажәакала, узҿу аус агәра ганы, бзиа ибаны уаҿызар, ицәырҵуа ауадаҩрақәа зынӡаск хырҩа руҭаӡом. Уара узы усҟан ихадоу узҿу аус ауп.
- Иарбан ҟазшьа аарԥшышьоу ауаҩы иузианамыжьуа, насгьы иарбану ианаужьуа?
- Зегьы ззеиҟароу ауаҩы пату сызиқәӡам. Насгьы зхы зегь раасҭа иҳаракны изыргыло, аӡәы дзаҭәазымшьо, ихамаԥагьоу ауаҩгьы ҳәарада дзысҩызахаӡом. Сгәанала, ауаа зегьы еиҟароуп. Аӡәы акала деиӷьзаргьы, уи дызлеиӷьу аҳәаақәа дырхысны, адунеи амаа иара икушәа ихы анымҩаԥиго, уи аҩыза ахымҩаԥгашьа сара исызианажьӡом, сааигәагьы даасышьҭӡом.
Ауаҩы исызианажьуа атәы уҳәозар, уи агаӡароуп. Угаӡара Анцәа уаҭаимҵааит ҳәа аԥсуаа баша ражәа иалам. Уи ачымазара иаҩызоуп, ауаҩы ихала даназымаиааиуа ҟалалоит.
- Аԥсуа театр иазеиӷьушьарц иулшои?
- Ҳара ҳтеатр сынтәа шәышықәса ахыҵуеит. Иара аҭоурых ҵаулаӡа амоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҩнуҵҟатәи аилибамкаара иахҟьаны ироуит аҭыԥ еиуеиԥшым аимак-аиҿакқәа. Ари аҭагылазаашьа, ҳәараҭахума, атеатр аԥсҭазаашьа ӷәӷәала ианыԥшуеит, еиԥнарҟьоит уи амаҵ азызуа ауаа ҳусуратә процесс. Сара акызаҵәык зегьы ирзеиӷьасшьарц исҭаху - досу ҳус ҭакԥхықәрала ҳазнеиларц ауп. 40 шықәса инареиҳаны атеатр аус азызухьо ҳаиҳабацәа ражәақәа рыла иаҳдыруеит анкьа атеатр азҿлымҳара иамаз, абилеҭ еимакны ауаа "шеибафоз". Сара агәра ганы сыҟоуп уи азҿлымҳареи агәыбылреи лассы атеатр архынҳәра шалшо. Аха уи азы иаҭахуп иааиԥмырҟьаӡакәа аусура. Џьабаада изыҟалаӡом алҵшәагьы.