Ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" акастинг мҩаԥнагоит

Ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы аус ауеит 2018 шықәса раахыс.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4– Sputnik. Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы аус зуа Ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" 13 - 18 шықәса зхыҵуа рзы акастинг мҩаԥнагоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит астудиа арҵаҩы Гудиса Ҭодуа.

Ҭодуа еиҭеиҳәеит ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" аҟны алԥшаарақәа рыиагара зыхҟьаз атәы

Алкаара мҩаԥгахоит жәабран 9 асааҭ 12.00 рзыАԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.

"Ҳәарада, акастинг алахәылацәа рахь аҭахрақәа ҳамоуп, аха реиҳа ихадоу аԥсуа бызшәа адырроуп. Уажәы аиҳабыратә гәыԥ ауп еиҿаҳкаауа. Иаҳҭахуп аҟыбаҩ злоу ралыԥшаара, заԥхьаҟатәи зыԥсҭазаара атеатртә ҟазара иадҳәаланы избо", - иҳәеит иара.

2018 шықәса цәыббрамзазы имҩаԥган раԥхьатәи акастинг. Астудиа ааӡамҭацәа 16-ҩык рдебиут мҩаԥысит 2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Дара алахәхеит ашықәс ҿыц азтәи аныҳәатә спектакль "Алаба нашана".