АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк ахь амҩа аамҭала иадыркит асыԥсалеира иахҟьаны. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит апарк абнахьчаҩ Ҭенгиз Џьергениа.
Асыԥсалеира иахырҟьаны Риҵатәи апарк аамҭала иаркуп
© Sputnik
Асыԥса ҩыџьараны илеит – ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ иацәыхарамкәеи Аӡиа иаҵәа ааигәареи.
"Актәи аҭыԥ аҿы амҩа рыцқьоуп. Аҩбатәи аҭыԥаҿ макьаназ ишыҟац иҟоуп. Асы ӡлачуп, ихьанҭоуп. Абнахьчаратә нхамҩа аусзуҩцәа зегьы аҭыԥқәа рҿы аус руеит", - иҳәеит абнахьчаҩ.
Аусурақәа мҩаԥысуанаҵы апарк аӡәгьы дзаҭаауам. Аԥкырақәа алагалоуп ауаа ршәарҭадара аиҿкааразы.
Аԥсны ашьхараҿы асоура иаҿуп. Риҵа 60-70 сантиметра аҿыгҳара амоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Асы азы Риҵаҟа: Аԥсны атәылауаа аӡын ишашьҭоу