Урыстәылатәи аруаа "иԥхасҭоу атехника" адәы иқәыргеит

Урыстәылатәи арратә округ аремонттә ҟәша аруаа амотохысцәа рҽазыҟаҵарақәа раан раԥхьаӡа акәны рхы иадырхәеит аремонт-қәгаратә машьынақәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ аремонттә ҟәша аруаа амотохысцәа рҽазыҟаҵарақәа раан раԥхьаӡа акәны рхы иадырхәеит аремонт-қәгаратә машьынақәа. Абри атәы аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа "адиверсантцәа" ҭадырхеит

Аибашьратә ҭагылазаашьа иазырааигәаны аррамаҵзурауаа ааха змаз амашьынақәа аибашьра дәы иқәыргеит "Урал" иақәыргылаз аремонт-қәгаратә машьынақәа РЕМ-КЛ рыла.

Аҽазыҟаҵарақәа ишазыԥхьагәарҭоз ала артиллериала аибашьыга машьынақәа аԥхасҭа рыҭан. Абри ашьҭахь урҭ "аӷа" дшыриехсуазгьы атехника адәы иқәыргон.

Иааидкыланы аполигон Ҵабал аҟны имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык аруаа, 60 ак арратә техника ҷыда.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Урыстәылатәи аруаа "аӷа" дыршьаҟьеит ахысрақәа рымҩаԥгараан
  • Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа "адиверсантцәа" ҭадырхеит