Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩцәа жәабран 4 рзы Апарламент аԥхьа еизеит.
"Амал ҳашьаҳан ҳаҟоуп, ари Аԥсны мацара акәӡам, адунеи зегь аҿы ус ауп, ауаҩы ииааиуеит амал. Ҳхы зланыҟәаҳгаша, ҳҭагылазаашьа ахьҳарӷәӷәаша, убри ауп ҳзыхьҟьогьы. Убри амал ҳшашьҭо ҳхәыҷқәагьы ишахәҭоу иаҳбаӡом, уи амал ҳамҽханакны ҳамоуп. Абри ҳазкыз ашьацҳәа аартны ҳампыҵыҵроуп, амал мацарала акәӡам ауаҩы иԥсы шҭоу, ҳара ҳуаами, ус анакәха Аԥсны бзиа иаҳбароуп, ҳахгьы пату ақәаҳҵароуп, адунеи аҟны пату ҳақәырҵароуп. Агәыӷра сымоуп, сажәа ажәлар еилыркаап ҳәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Адлеиба.
Акоррупциа иаҿагыло азакәан адкыларазы ақәԥаҩцәа жәабран 4 рзы Апарламент аԥхьа еизеит. Еизаз адҵа ҟарҵоит акоррупциа иаҿагыло азакәан хымԥада ирыдыркыларц. Жәабран 6 рзы Апарламент адепутатцәа рсессиаҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан рыдыркылап ҳәа иԥшуп.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Амилициа аусзуҩцәа Апарламент аԥхьа игылаз амшьамбақьалақәа ықәыргеит
Акоррупциа иаҿагыло азакәан адгылаҩцәа Апарламент аҿаԥхьа иаанхарц рыӡбеит