RT апроект ҿыц #ПочтаПобеды аусура иалагоит

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥхьаҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа асаламшәҟәқәа рзырҩыр ҟалоит. RT урҭ адресатцәа ирызнанагоит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Ателеканал RT апроект ҿыц #ПочтаПобеды аусура иаланаргоит. Апроект аҿы еиҭаҳәахоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рҭоурыхқәа.

Апроект аҿы еизгоуп Ленинград аблокада зхызгаз, Реихстаг аҭӡамцқәа зыхьӡ анызҵаз, аконцлагерқәа ирцәыбналаз асовет солдаҭцәа зыԥсы иаҵаҵаны изҵәахуаз рҭоурыхқәа.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥхьаҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа асаламшәҟәқәа рзырҩыр ҟалоит. RT урҭ адресатцәа ирызнанагоит.

Ашәҟәқәа рыҩра ҟалоит абри аҭыӡҭыԥ ахь: 111020, Москва, улица Боровая, 3/1. Ма - pochtapobedy@rttv.ru.

Ажьырныҳәа анҵәамҭазы RT иӡырнагеит апроект ҷыда #СтраницыПобеды VR-фильм "Уроки Аушвица". Иара азкуп Аушвиц-Биркенау (Освенцим) ахақәиҭтәра 75-шықәса ахыҵра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: