Уамак ирылаҽым: аҳақьымцәа ачымазараҿкқәа ирылацәажәеит

2019 шықәса иаҿырԥшны амедицинатә усҳәарҭақәа рахь ауаа рыдҵаалара акыр еиҳауп ҳәа азгәарҭеит амедицина аусзуҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәабран 1 азы Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы ашәҟәы иҭаҩын ичмазаҩны уахь инеиз 1765-ҩык. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа.

Иара иажәақәа рыла ажьырныҳәамзазы ахәышәтәырҭа иҭан 92-хәыҷы.

Авирустә чымазарақәа ирыхҟьаны Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русура ԥкхоит

"Анцәа иџьшьаны ачымазара уамак ирылаҽны иҟам, уи аҟнытә арахь иааргахьо ахәыҷқәа шамахамзар ахԥатәи амш азы илҩаауп. Зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәа рыла ҳаибыҭоуп", - иҳәеит Џьопуа.

2019 шықәса иаҿырԥшны амедицинатә усҳәарҭақәа рахь ауаа рыдҵаалара акыр еиҳауп ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны атерапевт хада Анжела Арчелиаԥҳа лажәақәа рыла ажьырныҳәа 1 инаркны жәабран 4 рҟынӡа Ареспубликатә хәышәтәырҭа хадахьы ахьҭа рылаланы инаргахьеит 1300-ҩык. Урҭ рҟынтәи ахәышәтәырҭаҿы иааныжьын 69-ҩык. Иахьазы 24-ҩык шьҭоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.

"Иахьазы ахәышәтәырҭаҿы акарантин рылаҳәоуп. Аполиклиникаҿ асааҭ 16:00 рҟынӡа ауаа рыдыркылоит, атерапевт дҷаԥшьоит", - лҳәеит лара.

Аҟәа ахәыҷбаҳчақәеи аиҵбыратә классқәеи аркуп жәабран 4 - 10 рҟынӡа.