Тҟәарчалтәи ашколқәеи Очамчыратәи аинтернати аамҭала русура ԥкхоит

Жәабран 3 рзы Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәеи аиҵбыратә классқәеи рзы аԥкыратә усмҩаԥгатәқәа алагалан.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Авирустә чымазарақәа ирыхҟьаны Тҟәарчалтәи ашколқәеи Очамчыратәи аинтернати аамҭала иаркхоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҵара аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Авирустә чымазарақәа ирыхҟьаны Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русура ԥкхоит

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҵара аминистррахь аҳәара руеит ареспублика аҵараиурҭатә усҳәарҭақәа аамҭала рыркразы, аха аминистр макьаназ урҭ аус руртә ибоит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿгьы жәабран 17 рҟынӡа алекциақәа ыҟаӡам.

"Ауниверситет аҿы акарантин алаҳамгалеит, аха абри аамҭазы аԥышәарақәа реиҭаҭироуп имҩаԥысуа, уахь инеиуа маҷуп", - рҳәеит аминистрраҿы.

Жәабран 3 рзы Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәеи аиҵбыратә классқәеи рзы аԥкыратә усмҩаԥгатәқәа алагалан.