Аҵарауаҩ акоронавирус алаҵәар шалшо атәы еиҭалҳәеит

Аԥсны жәабран 4 инаркны акоронавирус аҿиара иахырҟьаны Таджикистан, Узбекистан, Кореиа, Китаи, Киргизиа ртәылауаа ареспублика аҵакырахь ралалара ԥнакит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Коронавирус Аԥсныҟа атауар иацны иаауам лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Алиса Матуаԥҳа.

"Акоронавирус акраамҭа иаарту аҭыԥ аҿы изынхом. Уи адагьы Китаии ҳареи иҳабжьоу ахарара шәазхәыц. Акоронавирус зыхьуаз ауаҩы апосылка дақәеимсо еидикылозаргьы, авирус 48 сааҭ рышьҭахь иԥсуеит. Убас ала аҿкы аранӡа аара залшом", - лҳәеит лара.

Матуаԥҳа лажәақәа рыла, коронавирус ауаҩ иахь ииасуеит аҳауалеи аԥстәқәа ржьи рыхши рхархәаралеи.

"Акәац ахархәараан иӡызар ма ижәызар, шәарҭак ыҟам. Изыцәшәатәу акәац аӡоуп", - лҳәоит лара.

Урыстәыла аиҳабыра коронавирус ишәарҭоу чмазароуп ҳәа рыланаҳәоит

Авирус цәырҵит апровинциа Хубеи ақалақь Ухань аҟны ԥхынҷкәын анҵәамҭазы. Иара зырҿио акоронавирус хкҿыц - 2019-nCoV ауп. Китаи анҭыҵ авирус азгәаҭоуп: Гонконг, Макао, Таивань, Таиланд, Иапониа, Аладатәи Кореиа, ЕАА, Канада, Вьетнам, Сингапур, Непал, Франциа, Австралиа, Малаизиа, Германиа, Финлиандиа.

Аҭагылазаашьа зегь раасҭа иуадаҩуп Китаи.

Китаи акоронавирус ацәырҵреи алаҵәареи дунеитә рыцҳароуп иҳәеит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) адиректор хада Тедрос Адханом Гебреиесус. Убри аан иара иазгәеиҭеит авирус аанкылара рылшап ҳәа агәаанагара шрымоу.

Акоронавирус Китаи ацәырҵра иахҟьаны Урыстәыла ажьырныҳәа 30 инаркны КЖәР атәылауаа рвизақәа рыдкылара иаҟәыҵит.

Китаи акоронавирус иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 425-ҩык

Адәныҟаполитикатә усбарҭа атәылауаа ирабжьнагеит Китаиҟа ацара рҽацәхьаркырц. Уи адагьы атәыла аиҳабыра ирыӡбеит Мрагылара Хараҟны аҳәаа аркра. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин.

Иара ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова лнапы ианиҵеит есыҽны ауаа иҟоу аҭагылазаашьази авирус аҽацәыхьчашьази адырра рылҭаларц.

Ажьырныҳәа 30 рзы Китаи иаанымхеит провинциак авирус ахы ахьцәырнамгаз.

Аԥсны жәабран 4 инаркны короновирус аиара иахырҟьаны Таджикистан, Узбекистан, Кореиа, Китаи, Киргизиа ртәылауаа ареспублика аҵакырахь ралалара ԥнакит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: