Аҳәатәи аҳәашьеи: имҩаԥысит Аԥсуа милаҭтә конференциа

Жәабран 7 рзы имҩаԥысит "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭагылазаашьеи аҿиара аԥеиԥши" захьӡыз аԥсуа милаҭтә конференциа. Уи иалахәын аҵарауаа реиԥш ауаажәларра рхаҭарнакцәагьы.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа,  Sputnik

Аԥсуа азеиԥшмилаҭтә ҭҵаарадырра-практикатә конференциа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет ахыбраҿы имҩаԥган.

Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп

Аҵарауаа ирылацәажәеит аԥсуа доуҳатә культуреи аԥсуа бызшәеи рҭагылазаашьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылара уааԥсырала аиқәыршәара апроблема уҳәа, ауаажәларраҿы иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа жәпакы. Аконференциаҿы иара убас адемографиатә аспекти амилаҭтә економика аҿиара астратегиатә ҳасабтәқәеи ирзааҭгылан.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Гәырам Гәымба ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра хадара злоу апроблемақәа дрылацәажәо, урҭ ӡбашьас ирымоу азы игәаанагара иҳәеит. Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, ҳтәылаҿы иҟоу акризис аҳәынҭқарратә система ҿыц аҟамзаара иадҳәалоуп.

"Аҿыц ахала иҟалаӡом, аҵарауааи аполитикцәеи еилырганы ишьақәдыргалаанӡа. Асистема ҿыц аҟаҵараан аҳәынҭқарра ажәытә ҭоурыхи аҵасқәеи роуп маҭәахәқәас ишьҭыхтәу. Ҳаргьы ахақәиҭра анҳау, ҳалагеит аҳәынҭқарратә система ҿыц ашьақәыргылара, уи азы азеиԥш демократиатә принципқәа инарықәыршәаны иҳадаҳкылеит аконституциа ҿыц. Аха, рыцҳарас иҟалаз, азакәанқәа ишрыхәҭоу еиԥш аус руӡом, урҭ зегьы ауаажәларра цқьа рхаҿы иааргаӡом", - иазгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Гәырам Гәымба иажәақәа рыла, азакәанқәа рҟны аԥсуа жәлар реилазаара аҭагылазаашьа ахьаарԥшым ауп урҭ рымчымхарагьы зыдҳәалоу. Ҳекономикеи, ҳполитикатә ҭагылазаашьеи, ҳкультуреи, ҳаибаркны ҳазмоу ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ҳконституциа ианаалаӡом ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Иажәахә иацҵо, Гәырам Џьота-иԥа иазгәеиҭеит ишьақәгылаз акризис алҵразы мҩа заҵәык шыҟоу: азакәанқәа еилкааны ажәлар ирыдыркыларц азы ркультуреи рдунеихәаԥшышьеи ирықәшәо рыҩра, аҳәынҭқарра ҿыц аҟны амилаҭтә ҵасқәеи ақьабзқәеи шьаҭас рыҟаҵара.

"Абраҟа, иарбан милаҭтә идеологиоу иахьа ҳара иҳамоу ҳәа азҵаара цәырҵуеит. Аԥсуа милаҭ аидеологиа иахьа иҳамаӡам ҳәа лассы-лассы иаҳҳәозаргьы, зегь акоуп, аҳәынҭқарра идеологиада изышьақәгылаӡом. Џьоукы-џьоукы ирҳәоит ҳидеологиа ҳконституциа аҟны иануп ҳәа, аха ҳара ҳконституциа еиԥшу адунеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы иуԥылоит. Урҭ рхықәкы даҽакуп, дареи ҳареи ҳаиԥшӡам", - ихиркәшеит аҵарауаҩ.

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Цира Габниаԥҳа лцәажәараҿы аҳәынҭқарра ашәарҭара иҭазыргыло аҭагылазаашьақәа ҩба шыҟоу лҳәеит. Актәи – аӷа данақәло; аҩбатәи – адоуҳа аҩаӡара анкаҳауа. Аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьа аҭыԥ анамоу, аҳәынҭқарра аҵшәаара, уи аилыбгара иазҳәоуп ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ. 

"Ауалԥшьеи азини ашәҟәаҿы инхар, аус амур, даҽа еиҿкаарак адоуҳа иаҵанарӡуеит. Зегь раасҭа ишәарҭоу, ауаҩы аҳәынҭқарра ахатә мал арҳага акәны даназхәыцуа ауп. Аҿар рсоциалтә ҭагылазаашьа иҟанаҵо аныррагьы узыргәырӷьо акәӡам. Ареалтә ԥсҭазаара убас иҟоуп, зегь раасҭа анырра ҟанаҵоит ачынуаа рҿырԥшы. Убри аҟнытә, аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы азеиԥш доуҳатә хықәкы ҟалароуп", - иацылҵеит Габниаԥҳа.

Аҵарауаҩ имӡакәа илҳәеит адоуҳатә культура алаҟәра иаҿуп ҳәа лгәы ишаанаго, аамҭа мырӡкәа уи ахьчара напы шарктәу. Адоуҳа аиқәырхара аус аҟны аҳәынҭқарра ароль хада нанагӡар ахәҭоуп ҳәа азгәалҭеит Габниаԥҳа.

Еицәоу умбакәа, еиӷьу уздыруам

Иара убас Цира Габниԥҳа далацәажәеит аԥсуа қыҭақәа иахьатәи рҭагылазаашьа, уа инхо аҿар рлахьынҵа. Лара лажәақәа рыла урҭ рхыԥхьаӡараҿы зхатә џьабаала зхы ныҟәызго маҷҩым. Аха гәыԥҩык аҿарацәа аусурҭа ахьрымам, акы иахьазкым иахҟьаны имҩахҟьоит, иакәым амҩала идәықәлоит ҳәа азгәалҭеит.

"Абзиарахь ахы архара – ҳаидызкыло, иреиӷьу ҳәынҭқарратә проектхар ауп. Ҳабиԥарақәа еиҵазааӡо, абаагәара еиԥш ҳзыхьчо мчхароуп - ҳдоуҳатә культура", - ихлыркәшеит аҵарауаҩ.

Апрофессор, академик Ҭемыр Ачыгәба иажәахә Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылара уааԥсырала аиқәыршәара апроблема иазкын. Аҵарауаҩ иҳәеит аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра аус шхымԥадатәиу, иара убас дазааҭгылеит аҩнуҵҟатәи ауаажәларратә ҭагылазаашьа.

"Аҳәаанырцәтәи аҟәрышь злахәу еиуеиԥшым аҩнуҵҟатәи амчқәа дара-дара реицлабра аҳәынҭқарраҿы аполитикатә ҭагылазаашьа амца аҵанаҵоит. Уи иахылҿиаауа аҩнуҵҟатәи аиҿагылара анҭыҵтәи амчқәа роуп иззыфеидоу. Аԥсуа жәлар заҟа ҳамч кәадахо аҟара, иҳамоу амчрақәа ҳаӷацәа рнапахьы аагара рзымариахоит", - ҳәа азгәеиҭеит апрофессор.

Аиԥылара иалахәыз алшара рыман ажәахә ҟазҵоз аҵарауаа азҵаарақәа рыҭара, ргәаанагара аҳәара.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭагылазаашьеи аҿиара аԥеиԥши" захьӡыз аԥсуа милаҭтә конференциаҟны иқәгылеит егьырҭ аҵарауааи ауаажәларратә усзуҩцәеи, иара убас Нхыҵ Кавказтәи ҳаиашьаратә жәларқәеи ҳдиаспореи рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: