Арадио

Ахба еиҭеиҳәеит асасааирҭақәа рҟны заанаҵы аҭыԥқәа раанкылара шымҩаԥысуа

Аԥсны Асасааирҭақәа ргильдиа ахада Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит атуристцәа рганахьала заанаҵы аҭыԥқәа раанкыларазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Ахба еиҭеиҳәеит асасааирҭақәа рҟны заанаҵы аҭыԥқәа раанкылара шымҩаԥысуа

"Жьҭаарамзазы асасааирҭақәа рҟны заанаҵтәи аҭыԥқәа раанкылара рыларҳәоит аԥсшьаҩцәа радԥхьалара хархәагак аҳасабала, усҟан аԥхьатәи ашьаҿақәа ирылагоит, аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит атуроператорцәеи дареи. Асасааирҭақәа рҟны аҭыԥқәа 10-20 процент рҟынӡа рыхәқәа ирыгдырхоит. Атуроператорцәа роуп иаҳа ицәырызго 100 номерк инареиҳаны измоу асасааирҭақәа, насгьы дара ирымоуп рхатәы аҭиирҭа ҟәшақәа", - иҳәеит Ахба.

Иара иазгәеиҭеит заанаҵ аҭыԥқәа раанкылара арбагақәа имаӡоу аинформациа шакәу, аха убри аан атуроператорцәа рдыррақәа рыла уаанӡа иҟаз апозициақәа рҟны ҳшыҟоу, убасгьы бзиарас иадырбало - 2018 шықәсазы жьҭаарамзазы Аԥсны иадҵаалоз рхыԥхьаӡара уажәеиԥш ишыҟамыз.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.