Апассаџьыртә ҳаирплан шьамтәылатәи ПВО икарыжьырц акгьы агымхеит

Airbus-320, 170-ҩык апассаџьырцәа зҭаз, урыстәылатәи аҳаиртә баӷәаза "Хмеймим" ахь анагара иахьӡеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Апассаџьыртә ҳаирплан Airbus-320 шьамтәылатәи ПВО икарыжьырц акгьы агымхеит израильәти авиациа ажәылара анаԥдырҟәҟәаауаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Израильтәи авиациа ажәылара мҩаԥнагеит уахынла, асааҭ 2 рзы. Аҳаирпланқәа F-16 Шьамтәыла аҵакыра иаламлакәа, аракетақәа "адгьыл-аҳауа" рыла Дамаск иахьаԥну аҭыԥқәа ирылахысуа иалагеит. Шьамтәылатәи аруаа рхы иадырхәеит ПВО азенит-ракетатә комплексқәа.

Урыстәылеи Шьамтәылеи Адгьылбжьаратә мшын аҟны аицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Абри аамҭазы Дамасктәи аҳаиртә баӷәазаҿы атәара аҽазнархион апассаџьыртә ҳаирплан.

Адиспетчерцәа рус бзианы иахьынарыгӡози аҳауатә ныҟәара анапхгаратә система бзиа ахьаадырԥшызи ирыбзоураны иалдыршеит Airbus ари аҭыԥ ахыгара.

Airbus-320, 170-ҩык апассаџьырцәа зҭаз, урыстәылатәи аҳаиртә баӷәаза "Хмеймим" ахь анагара иахьӡеит.

Конашенков иҳәеит израильтәи аруаа шәҩыла акгьы зхарамыз ауаа рыԥсҭазаарақәа акашәа ирымбеит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: