Ахԥҳа еиҭалҳәеит жәабранмза иаанаго ахьшәашәарақәа ртәы
© Sputnik
"Амза ҳанҭалозгьы иаҳҳәеит, жәабранмзазы хьҭа дук ҳбом ҳәа, ақыҭанхацәагьы уи азгәарҭоит. Ари асы илеиз иара амз ус аҷыдарақәа амоуп. Амш анааилгалак иубоит амра ҳаракны ишыԥхо, убри аҟнытә ус ҳзыцәшәо ҳәа акгьы ҟалом, амала уахынла ари аҳауақәыӷәӷәара иацуп ахьшәашәара, ҳазыԥшуп 1 градуск инаркны 5 рҟынӡа ахьшәашәара ҟалар алшоит ҳәа. Аҭыԥқәа реиԥшымзаара аҟнытә аҳауахьшәашәара зегьынџьара еиҟарахом. Аԥсны мрагыларатәи аганахьала иаҳа ихьшәашәарахоит. Асы уаҳа ауеит ҳәа ҳахәаԥшуам, иналаршәны ауп акәымзар, асоура ду ҳазыԥшым", - ҳәа еиҭалҳәеит Ахԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Раионк аԥсҭазаараҟынтә": Зыхәба еиҭеиҳәеит аӡынра Ԥсҳәаа ишырхырго
Лариса Ахԥҳа: сынтәа аӡынра бааԥсхоит ҳәа ҳазҳәом