Аибашьра аветеранцәа агәыҳалалра рзыҟаҵаразы 71 миллион мааҭ рзоужьхоит

Аиааира 75-шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи ашәарақәа рыҭаразы Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аиааира 75-шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи ашәарақәа рыҭаразы 71 миллион мааҭ рзоужьхоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аиҳабыра рхада Михаил Мишустин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова иазгәалҭеит зныктәи ашәарақәа шрыҭахо 1,15 миллион урыстәылаа.

"Аиааира 75-шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи ашәарақәа рыҭаразы Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Аусԥҟа инақәыршәаны 1 миллионки 150 нызқьҩык ҳтәылауаа агәазыҟаҵара роуеит", - лҳәеит Голикова.

Лара иазгәалҭеит 75000-75000 мааҭ шрыҭахо: Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәылацәеи аинвалидцәеи, "Жителю блокадного Ленинграда" ҳәа адырга ҷыда змоу, зықәра намӡацыз афашизм атҟәацәа, Финлиандиеи, Иапониеи, Германиеи рабашьраан иҭахаз рыҳәса, рхацәа. Иааидкыланы аԥарашәара рзыҟаҵахоит 537,1 нызқьҩык.

50 -50 нызқьмааҭ рыҭахоит: атыл аусзуҩцәа, зықәра наӡахьаз афашизм атҟәацәа. Ари акатегориахь иаҵанакуеит 601,4 нызқьҩык ҳәа лҳәоит Голикова.

Уи адагьы иаку аԥарашәара рзухоит Естониа, Латвиа, Литва иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа.

Аԥарашәара мҩаԥгахоит 2020 шықәса мшаԥы-лаҵара амзақәа рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: