Аԥснытәи ашколқәа рҟны аурокқәа 5-5 минуҭ ирыгдырхоит

Жәабран 10 рзы иаԥырхит Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа уаанӡа алагарҭатә классқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны иаланагалаз аԥкрақәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Аԥсны Аҵара аминистрра аӡбамҭа аднакылеит Аԥснытәи ашколқәа рҟны аурокқәа 40 минуҭ имҩаԥысларц ареспубликаҿы иҟоу аҳауатә ҭагылазаашьа инамаданы. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа.

"Макьаназ ари аҩыза алагаламҭа мчыбжьык иҟазаауеит. Ашколқәа зегьы ахьшәашәара иазыҟаҵан ҳәа узҳәом. Уажәтәи ҳаӡбарала аҵаратә мшы сааҭк агхоит. Ԥхьаҟатәи аҭагылазаашьа инақәыршәаны абри алагаламҭа еиҭакхоит", - иҳәеит иара.

Қәҭелиа иажәақәа рыла, ОРВИ змаз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара акыр еиҵахеит жәабран 10 рзы. Убри инадҳәаланы иаԥыхуп уаанӡатәи аԥкрақәа.

"Аԥкрақәа ирыцаҳҵар аԥсшьарамшқәа ҳаркьаҿыр акәхон", - иҳәеит иара.

Жәабран 10 рзы иаԥырхит уаанӡа алагарҭатә классқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны иалагалаз аԥкрақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: