Аҟәа ақалақь аҟны иаха ахатәы ҩны амца акит

Амцарцәаразы уахь инашьҭын амцарцәагатә машьынақәа хԥа. Аҩны ауадақәа руак блит, егьырҭ еиқәырхан.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Аҟәа ақалақь Заречнаиа амҩаҿы ахатәы ҩны амца акит. Асааҭ 04:34 рзы амцарцәаҩцәа рахь адырра ҟаҵан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Амцарцәаразы уахь инашьҭын амцарцәагатә машьынақәа хԥа. Аҩны ауадақәа руак, 16 метр ԥшьыркца иҟаз блит, егьырҭ еиқәырхан.

Амцакра иахҟьаны аӡәгьы ԥырхага имоуит.