Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база аруаа ашьхараҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 100-ҩык аруаа, жәабала арратә техника. Арахь иаҵанакуеит акәылӡымашьынақәа "Тигр-М" акәылӡытранспортерқәа БТР-82АМ.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база аруаа ашьхараҟны (аполигон Дариал– Аҩада Уаԥстәыла) "аӷа" итыл ахь иҭаларц аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит УААО апресс-маҵзура.

Урыстәылатәи аруаа "иԥхасҭоу атехника" адәы иқәыргеит

"Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база аруаа ашьхараҟны "аӷа" итыл ахь иҭаларц аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит уахынлангьы ҽынлангьы. Аекстремалтә ҭагылазаашьаҟны ахеиқәырхашьа рҵон", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Азхьаԥшра ҷыда аҭан аҳаракырақәа рҟны, ирзымдыруаз аҭыԥқәа рҿы аныҟәарақәа. Аԥшыхәцәа иддырҵон аҽыҵәахышьа аҟазшьақәа, аоператив ӡбара адкылашьа.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 100-ҩык аруаа, жәабала арратә техника. Арахь иаҵанакуеит акәылӡымашьынақәа "Тигр-М" акәылӡытранспортерқәа БТР-82АМ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: