Атоннельқәа рҿы афымцалашара ахьыҟамыз иахҟьаны Гәбаа-дәы ахь амҩа аркуп

Афымцастанциа маҷ аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны Гәбаа-дәы ахь ицо амҩа атоннельқәа хԥа лашарада иаанхеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Афедералтә мҩа Адлер – Гәыбаа-дәы аҟны атоннельқәа хԥа лашарада иаанхеит. Аныҟәаразы амҩаду арктәхеит. Атранспорт аҽа хырхарҭак ала ирышьҭит ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

Афымцастанциа маҷ "Ахштырь" аҟны иҟалаз авариа иахҟьеит атоннельқәа лашарада раанхара.

"Афымцастанциа маҷ аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны Гәбаа-дәы ахь ицо амҩа атоннельқәа хԥа лашарада иаанхеит. Аныҟәара ашәарҭадаразы асааҭ 16.43 инаркны атранспорт афедералтә мҩа А-149 ахь ииагоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: