Гәыбаадәы ашьхашәҩатә сезон иацҵахоит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГәыбаадәы ашьхашәҩатә сезон иацҵахоит
Гәыбаадәы ашьхашәҩатә сезон иацҵахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи ашьхақәа рҿы 2018-2019 шықәсқәа рызтәи ашьхашәҩатә сезон аҵыхәтәантәи ахәышықәса рыҩныҵҟа сынтәа еиҳа иаухоит.

АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik. Росгидромет адыррақәа рыла 2018-2019 шықәсазтәи аӡынратә сезон реиҳа асы зцыз ӡынроуп. Имаҷымкәа илеиз асы ашьхашәҩатә сезон аҿҳәара ароуит лаҵарамза абжаранӡа. Абри атәы аанацҳауеит "Россия. Кубань".

Ҩ-нызқь метра аҳаракыраҿы асы абжьаратә ҿыгҳара х-метрак инаӡоит. Ашьхашәҩатә курортқәа официалла аҳәамҭа ҟарҵеит лаҵарамзатәи аныҳәаәқа рышьҭахьгьы ски-пассқәа рҭилоит.

Ажурналистцәа Шәача ақалақь ахадара апресс-маҵзураҿы ишрарҳәаз ала 2018 шықәса, ԥхынҷкәынмза инаркны иҟаҵоу ахәшьарақәа инарықәыршәаны иахьа уажәраанӡа Шәача рыԥсы ршьахьеит миллионки 456 нызқьҩык. Ииасыз ашықәсқәа ирыдкыланы ари аамҭахҵәаха х-проценткны еизҳаит.

Ажәабжьқәа зегьы
0