Коронавирус змаз Китаи атәылауаҩ Урыстәыла дырхәышәтәит

Урыстәыла зегьы аҟны иаарԥшын ҩыџьа ауаа – коронавирус змаз. Рҩыџьагьы Китаи иатәылауаауп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Коронавирус змаз Китаи атәылауаҩ Урыстәыла, Чита ақалақь аҿы дырхәышәтәит, уи уажәы ахәышәтәырҭаҟнытә дылырҩааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҵарауаҩ акоронавирус алаҵәар шалшо атәы еиҭалҳәеит

"Ажьырныҳәа 26 раахыс ахәышәтәырҭа дҭан. Иахәҭаны иҟаз ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥган", - иҳәеит аҳақьым хада Сергеи Иурчук.

Згәабзиара шьақәгылаз ахаҵа иԥҳәыси иԥҳаи жәабран 14 рҟынӡа аҳақьымцәа хылаԥшра рырҭалоит.

Урыстәыла зегьы аҟны иаарԥшын ҩыџьа ауаа – коронавирус змаз, Тиументәи аобласти Забаикалие рҿы. Рҩыџьагьы Китаи иатәылауаауп.

Китаи анапхгара ԥхынҷкәын 31 2019 шықәса рзы ирылырҳәеит ақалақь Ухань ачымазара ҿкы — коронавирус 2019-nCoV иамҽханакит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: