АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Коронавирус змаз Китаи атәылауаҩ Урыстәыла, Чита ақалақь аҿы дырхәышәтәит, уи уажәы ахәышәтәырҭаҟнытә дылырҩааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ажьырныҳәа 26 раахыс ахәышәтәырҭа дҭан. Иахәҭаны иҟаз ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥган", - иҳәеит аҳақьым хада Сергеи Иурчук.
Згәабзиара шьақәгылаз ахаҵа иԥҳәыси иԥҳаи жәабран 14 рҟынӡа аҳақьымцәа хылаԥшра рырҭалоит.
Урыстәыла зегьы аҟны иаарԥшын ҩыџьа ауаа – коронавирус змаз, Тиументәи аобласти Забаикалие рҿы. Рҩыџьагьы Китаи иатәылауаауп.
Китаи анапхгара ԥхынҷкәын 31 2019 шықәса рзы ирылырҳәеит ақалақь Ухань ачымазара ҿкы — коронавирус 2019-nCoV иамҽханакит ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Китаи акоронавирус иахҟьаны 638-ҩык ауаа рыԥсҭазаара иалҵхьеит
-
ВОЗ акоронавирус адунеи азы иҭагылазаашьа шәарҭоуп ҳәа ахырҳәааит