Очамчыра араион аҿы дааныркылеит ибналаны иҟаз ауаҩы

Ҳаџьараҭ Адлеиба, аа-шықәса зықәҵаны зус ӡбаз, 2019 шықәса рашәарамза аахыс дыбналаны дыҟан.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 13– Sputnik. Очамчыра араион аҿы амилициа дааныркылеит ибналаны иҟаз Ҳаџьараҭ Адлеиба. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Ҳаџьараҭ Адлеиба 2019 шықәса рашәарамза аахыс дыбналаны дыҟан.

Абналаҩ даанкылан аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа анымҩаԥыргоз, жәабран 6 рзы. Иара иганахь ала Очамчыра араионтә прокуратура ашьаус хацнаркит.

Адлеиба 2018 шықәса рзы атәым мал аӷьычрази абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада аныҟәгареи рзы 8-шықәса иқәҵан.

2019 шықәса аԥхынразы иара Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟнытә дыбналеит.

Дыбналаны даныҟаз, нанҳәа 10 рзы иԥҳәыси иареи реимак аан дихәит.

Абри аус аганахь ала нанҳәа 13 рзы аиҭаус хацыркын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: