Арадио

Ақьаӷьариа еиҭалҳәеит ҽнакала аҭыԥҳа "ааи" шыллырҳәаз

Жәабранмза 14 Бзиа еибабо рымш аҽны есышықәса Гагра араион аҿы ақьаӷьариа Нанули Басныкԥҳа еидылкылоит аҭаацәара иаламлац, еилыҵхьоу уҳәа еиуеиԥшым араионқәа рҟнытә аҭыԥҳацәеи арԥарцәеи.
Sputnik

Сынтәагьы ус еиԥш аус азгәаҭан иҟоуп ҳәа еиҭалҳәеит лара арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы.

Ақьаӷьариа еиҭалҳәеит ҽнакала аҭыԥҳа "ааи" шыллырҳәаз

"Иҟоуп аҭаацәарақәа ҽнакала еибысҭаз. Џьырхәа ақыҭан инхо Габниа ҷкәын дысзааит ашьыжь. Аӡӷаб, сгәыла лаҳәшьаԥҳа лакәын, уи аамҭаз сааигәа дыҟан, саалацәажәан, ҽнакала "ааи" лсырҳәеит. Аҭаацәара шгәырӷьароу, аҷкәын дшеиқәшәоу, иҟаз зегьы ласҳәеит. Ҳнеины ԥацхак аҿы ҳааидтәаланы, амацәаз лнапы инахеиҵеит. Иахьа дара Анцәа ишиҳәара иҟоуп, ахәыҷы дрымоуп. Ус еиҭа гәыԥҩык ыҟоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит ақьаӷьариа. 

 

Басныкԥҳа илгәалалыршәеит зегь раԥхьа еибылҭаз аҭаацәарагьы. Уи Хәаԥ ақыҭан инхоз Шьаликәа Анқәаб иакәын, иаргьы насыԥла деиқәшәеит, иҟоуп ихылҵ ҳәа азгәалҭеит ақьаӷьариа.

"Изҭаху зегьы иԥхамшьакәа са сахь иаарц расҳәоит, аӡӷабцәа рацәаҩны исымоуп, 35 шықәса инареиҳауп. Ҳара аҿар еибаҳҭом, урҭ дара рхала еибаԥшаауеит, иахьа уи азы алшарақәа рацәоуп. Уажәгьы уск саҿуп, иара Москва дынхон, аҭаацәара далан, аха деиқәымшәеит, уажәы Аԥсныҟа дааит, ӡӷабк дизысыԥшааит, иаарласны еибысҭарц сгәы иҭоуп. Даҽазнык ҳааиқәшәар, дҳаманы ҳцоит", - лҳәеит Басныкԥҳа арадиоефир аҿы.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: