00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аиааира ашҭахь: ҳәынҭқарра ашьақәыргылара аус шцоз игәалаиршәоит Лев Шамба
13:04
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Арҵаҩцәа иазгәарҭоит рзанааҭтә ныҳәа: Елана Гәдалиеи Елҟан Аџьбеи реиҿцәажәара
13:45
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:18
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Актуальный комментарий
"Новые медиа Абхазии" запускают второй сезон
14:44
9 мин
Такие обстоятельства
Уроки трагедии: омбудсмен о реформе законодательства после убийства Амины Бикбовой
14:53
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ақьаӷьариа Басныкԥҳа: Аԥсны абриаҟара иҭаацәарам ахацәа ыҟоуп ҳәа сыҟамызт

© SputnikНанули Сичинава
Нанули Сичинава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭаацәараԥҵаратә агентрақәа жәларбжьаратәи рымш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы гагратәи ақьаӷьариа Нанули Басныкԥҳа еиҭалҳәеит ари аус иацу акәамаҵамарақәа ртәы.
Ақьаӷьариа Басныкԥҳа: Аԥсны абриаҟара иҭаацәарам ахацәа ыҟоуп ҳәа сыҟамызт

Нанули Басныкԥҳа, қьаӷьариас дыҟоижьҭеи 17 шықәса ҵуеит, лара лажәақәа рыла ари аамҭа иалагӡаны 100 ҭаацәарак еибылҭахьеит.  

"Иаҳа исзаауеит ахацәа 45 шықәса инареиҳаны изхыҵуа. Аԥсны абриаҟарагьы ыҟоуп ҳәа сыҟамызт саргьы, аха даара ирацәазаап аҳәса аазымгац, иара убас еилыҵқәаз. Аӡӷабцәа ахьыҟоу есқьынагьы срыхәаԥшуеит, абылтәы ансымоу сцоит саауеит. Аҷкәынцәа рфотоқәа ҟасҵоит, нас аӡӷабцәа идсырбоит, избанзар, аӡӷабцәа иаҳа уи аус иацәыԥхашьоит, ус еибаҳардыруеит. Даара ҳманшәаланы ҳаҟоуп, аиашазы иҟоуп ҳанеиқәымшәогьы, аха уи ҩыџьа хҩык роуп. Иҟоуп ахҭысқәа ахаҵа иқәрахь даннеихьоу, лара лықәра анмаҷу дымхәыцӡакәа хаҵа данцо, нас дахьхәуеит, аха уи ауаҩы инапы иануп, сара исхарам, ианцо зегьы расҳәоит. Аҭаацәа реибыҭараҿы аамҭа рацәа згаӡом, иаразнак ахы-аҵыхәа ԥҵәатәуп, иахьа иааибасырбазар, нас даҽазныкгьы, ахынтә раан дҳаманы ҳандәықәлоит. Мчыбжьык аҟароуп исцәагоу, уахь азы сфырҭынуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Басныкԥҳа.           

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0