"Иаҳуалԥшьаны иҟоу ҳкультуратә хәышҭаарақәа нап рыдкылара ауп, излаҳалшо ала ус ҳааиуеит. Очамчыра, Ҷлоу абиблиотекақәа аус руеит. Ареспубликатә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа даҳҭан, ргәы итоуп апоетцәа ҿарацәа ралԥшаара, алитература абзиабара дыркра, насгьы ари аус ҳхатәы бызшәа арӷәӷәаразы даара ибзиоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҷлоу, Џьгьарда ақыҭақәа рҟны ахаԥшьгаратә коллективқәа март азы аҳәса рымшныҳәа рҽазыҟарҵоит, уаанӡа ахьҭа иаҳцәамкыр (дыччоит - аред.).
Аҿар бзиа аусура исыдыскылеит, акзаҵәык ҳҿы зкуа, есышықәса ихаҳаҵәҵәо аштатқәа роуп. Аҿар еизҳар ҳҭахуп, аусурҭа рҭахуп, убри аганахьала ацхыраара рҭахуп. Акультура аусзуҩцәа мал дук ҳашьҭам, хылаԥшрак анаҳҭаху ҳаилибакааны ҳаицәажәалар бзиоуп", - иҳәеит Логәуа.
Иара иазгәеиҭеит Очамчыра араион иаҵанакуа 27 қыҭа рҟны ҩыџьара шакәу акультура ахәышҭаарақәа аус ахьыруа.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Логәуа ансамбль "Ерцахә" азы: иахьатәи аамҭеи аҭоурыхи еиҿыбааны аусура ҳаҿуп