Арадио

Касланӡиаԥҳа ауниверситет аҟны абызшәатә курсқәа рзы: агәаҳәара змоу ирҭаар рылшоит

Аԥснытәи ахәынҭқарратә университет англызи анемеци бызшәақәа ркафедра алаборант, англыз бызшәа арҵаҩы Милана Касланӡиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ААУ аҟны абызшәатә курсқәа раартра атәы.
Sputnik

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны жәабран 10 инаркны абызшәатә курсқәа русура иацҵахоит. Аԥсшәа, англыз, аиспан, аҭырқәа бызшәақәа зҵар зҭаху рзы ус еиԥш алшара ыҟоуп.

Касланӡиаԥҳа ауниверситет аҟны абызшәатә курсқәа рзы: агәаҳәара змоу ирҭаар рылшоит

"Абызшәатә центр ҵыԥх иаҳзаартын жәларбжьартәи аиҿкаара абзоурала афилологиатә факультет аҟны. Ацентр еиқәыршәоуп ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла. Ус еиԥш алшара астудентцәа алекциақәа рҟны ирымам. Убас иҳазцәырҵит ахшыҩҵак абызшәатә курсқәа реиҿкааразы. Еиҳарак англыз бызшәа азҿлымҳара аҳҭеит, избанзар ҳуниверситет аҟны аҩбатәи атәым бызшәа ҳәа ирҵо ауп. Астудентцәа алшара рымоуп рдыррақәа рырҭбаара. Анемец бызшәазы акурс аҳаркыр акәхеит азҿлымҳара ахьмаҷыз иахҟьаны. Coursera захьӡу онлаин рҵаратә курсқәа ҳәа иахысыртә хәыда-ԥсада алшара рымоуп ҳастудентцәа.

Сынтәа иааҳартыз акурсқәа рҟны еиҳарак изызҿлымҳау англыз бызшәоуп, уи ашьҭахь аҭырқәшәа, нас аиспан бызшәа.  Аԥсуа бызшәа акурс рылаҳҳәеит, аха макьана иааҳмыртӡацт, хҩык роуп астудентцәа иҟоу, хәҩык аныҟалалак  иааҳартуеит. Акурсқәа ауниверситет иҭоу рнаҩсгьы, агәаҳәара змоу егьырҭгьы рҭаар рылшоит", - лҳәеит Касланӡиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.