Хра злоу ахҭысқәа - иалкаау аполитикатә, асоциалтә, акультуратә хҭысқәа. Ҳара урҭ ҳрылацәажәоит, ахәшьара раҳҭоит, алкаа рзыҟаҳҵоит.
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ҳтәылаҿы аус ауеижьҭеи хәышықәса ҵуеит. Ари аамҭа иалагӡаны агәыҳалалратә хықәкқәа ирыхҭынҵан 55 миллион мааҭ.
"Сара хәышықәса рыҩнуҵҟала избаз, исоуз аԥышәала исҳәар сылшоит - ирацәаҩны ҳауаажәлар ацхыраара рҭахуп. Адәахьы аџьыԥқәа аахәаны иақәтәазар, зегьы ус еиԥш алшара рымоуп ҳәа џьаҳшьом, шәаргьы ус иџьышәымшьан. Иахьа ақыҭақәа рҿы инхо Аԥсны еиуеиԥшым аҭаацәаракәа ацхыраара рҭахуп. Ауаа зегьы аԥара рыҭара - уи проектым, уи ала иаҳҭаху алҵшәа ҳауӡом", - иҳәеит Гогәуа.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Сонер Гогəуа: иҟаҵоу маҷым, аха иҟаҳҵаша еиҳагьы ирацəоуп