Аԥсны АКХ ахадарахьы акандидатцәеи урҭ рхаҭыԥуааи ашәҟәы иҭарҩит

Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшахеит жәабран 11 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа хада ахадарахьы акандидатцәеи акандидатцәа рхаҭыԥуааи ашәҟәы иҭарҩит. Абри азы аӡбра кьыԥхьуп Аԥсны АКХ асаит аҟны.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 8 инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоуп:

  • Адгәыр Арӡынба, Арда Ашәба;
  • Аслан Бжьаниа, Бадра Гәынба;
  • Леонид Ӡаԥшьба, Виктор Ҳашба.

Аԥсны ахада еиҭалхра мҩаԥгахоит хәажәкыра 22 рзы. Абри азы аӡбамҭа рыдкылан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа 2019 шықәсазтәи алхрақәа раантәи Аԥсны АКХ алкаақәа иашамызт ҳәа ианазхарҵа ашьҭахь.

Акандидатцәа рықәыргылара хацыркын ажьырныҳәа 22 рзы. Ашәҟәы иҭагалан аԥшьгаратә гәыԥқәа – Адгәыр Арӡынбеи Аслан Бжьаниеи кандидатс рықәыргыларазы, апартиа "Акзаара" – Леонид Ӡаԥшьба кандидатс иқәыргыларазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: