Адгәыр Арӡынба алхра аламҭалаз инапынҵақәа шьҭеиҵоит

Аԥсны АКХ аҿы жәабран 17 рзы Адгәыр Арӡынбеи Арда Ашәбеи ашәҟәы иҭарҩит. Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысран иҟоуп хәыжәкыра 22 рзы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Адгәыр Арӡынба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩси аекономика аминистрси дахьыҟаз аҟынтә алхраамҭалаан ихы дақәиҭитәит. Абри атәы аҳәоит ахада исаит.

Азиндырыҩ: ахадарахьы акандидатцәа аамҭала рнапынҵақәа аанрыжьуеит

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика министр инапынҵақәа неигӡаларц идҵоуп Гәлиа Заур Александр-иԥа", - аҳәоит аусԥҟаҿы.

Уаанӡа, Аԥсны ахада иҿы иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Гиви Габниа Sputnik иазеиҭеиҳәахьан ашәҟәы иҭагалоу акандидатцәа аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭхоит алхраҽазыҟаҵаратә аамҭаан ҳәа.

Жәабран 17 рзы Аԥсны АКХ ашәҟәы иҭанагалеит акандидатцәа ҩыџьа –Аслан Бжьаниеи Леонида- Ӡаԥшьбеи.

Аслан Бжьаниа идепутаттә усура абри аамҭазы ишьҭеиҵоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: