Apple коронавирус иахырҟьаны iPhone ралагалара ԥнакуеит

Акоронавирус адунеитә економика аҿиара анырра анаҭоит. Аҭагылазаашьа иаҿырԥшны анефҭ ахә каҳаит, ахьы ахә шьҭыҵит, аилахәырақәа рааглыхра ԥыркуеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Америкатәи аилахәыра Apple iPhone раагара ԥнакуеит Китаи акоронавирус аҟазаара иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Bloomberg.

Асмартфонқәа ахьеидыркыло Китаи ауп. Уажәы дара рҭыжьра еиҵатәхеит COVID19 иахырҟьаны.

ВОЗ коронавирус зызшәарҭоу агәыԥқәа алыркааит

Аилахәыра аоисқәеи адәқьанқәеи анаркит Китаи. Apple ахаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵеит иазыԥхьагәаҭаз алҵшәа зыҟалом 2020 шықәса аԥхьатәи аԥшьбараз ҳәа.

Аекспертцәа ргәаанагарала акоронавирус адунеитә економика аҿиара анырра анаҭоит. Аҭагылазаашьа иаҿырԥшны анефҭ ахә каҳаит, ахьы ахә шьҭыҵит, аилахәырақәа рааглыхра ԥыркуеит.

Китаи анапхгара ԥхынҷкәын 31 2019 шықәса рзы аҳәамҭа ҟарҵеит апровинциа Хубеи аҳҭнықалақь Ухань ачымазара ҿкы ҿыц— коронавирус 2019-nCoV шцәырҵыз.

Акоронавирус инадҳәаланы адунеи зегьы аҿы анырра ыҟоуп. Убас, Барселона имҩаԥысраны иҟаз амобилтә индустриа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Mobile World Congress (MWC) арыцхә еиҭаркит.

Иахьатәи аамҭазы коронавирус Китаи измо рхыԥхьаӡара 72,4 нызқь инаӡоит. Китаи анҭыҵ –700-ҩык.