Приморск ақыҭан аибашьраантәи аџьаԥҳаны рбеит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра асапиорцәа иаарԥшыз арԥжәагақәа еиҵырхит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи агранатаршәга РПГ-7 ахысга рбеит Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭан, амшын аԥшаҳәаҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Приморск ақыҭан аибашьраантәи аџьаԥҳаны рбеит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра асапиорцәа иаарԥшыз арԥжәагақәа аҭыԥ аҿы еиҵырхит.

Жәабран 12 рзы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭаҿгьы иԥшаан 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи агранатаршәга РПГ-7 ахысга. Аҭыԥ ахь инеиз Аԥсны АҶА асапиорцәа иаарԥшыз арԥжәагақәа аҭыԥ аҿы еиҵырхит.

Приморск ақыҭан аибашьраантәи аџьаԥҳаны рбеит

1992 - 1993 шықәсқәа рзы Аԥсны ицоз аибашьра ашьҭахь атәыла аҵакыраҿы иаанхеит абџьари аџьаԥҳани рацәаны. Иахьа уажәраанӡагьы ана-ара иуԥылоит иԥымжәакәа иаанханы иҟоу аџьаԥҳаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: