Аҩӡба: ҵыԥх ҭагалан аахыижьҭеи Аԥсны ашьапылампыл аԥшаара уадаҩуп
© Sputnik
"Иҳаҩсыз ашықәс ҭагалан аахыижьҭеи Аԥсны ашьапылампыл аԥшаара цәгьоуп, аиҳабыратә клубқәа роуп зыӡбахә сымоу, ахәыҷқәа рҟны ашьапылампыл иаҳа иуԥылоит. Иҳаҩсыз ашықәс цәыббрамзазы 27–тәи Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионати ахраҿа агаразы ахәмаррақәеи ирылагараны иҟан, аха акомандақәа ирымоу афинанстә уадаҩрақәа ирыхҟьаны сынтәа ааԥынрахьы ииаган. Ааԥын рацәак агым, убри аҟынтәи иҳаӡбеит ачемпионати ахраҿа агаразы ахәмаррақәеи ирылаго, мамзаргьы еиҭа иахырго аилкаара. Инҭкааны урҭ мҩаԥгахоит ҳәа макьаназы аӡәгьы иҳәаӡом…", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.