Арадио

Габелаиа Аԥснытәи ССР Қырҭтәыла алаларазы: аҳәынҭқарра аларҟәра - даҟьа еиқәаҵәоуп

Жәабран 19, 1931 шықәсазы Аԥснытәи ССР автономиак аҳасабала Қырҭтәыла иалаҵан. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет арҵаҩы Аслан Габелаиа арадио Sputnik аефир аҟны ари ахҭыс дазааҭгылеит.
Sputnik
Габелаиа Аԥснытәи ССР Қырҭтәыла алаларазы: аҳәынҭқарра аларҟәра - даҟьа еиқәаҵәоуп

"Жәаҳәарада, ари крызҵазкуа хҭысуп, усҟан алацәажәара уамак азин ыҟамызт, ацензура ӷәӷәан. Аҭоурыхтә материалқәа реиҳарак иахьа уажәраанӡа ҳаԥхьартә, иҭаҳҵаартә, ахәшьара раҳҭартә аҭагылазаашьа ыҟаӡам, избанзар аибашьра аан Аԥсны архив блын, ааха ӷәӷәа аҭан. Аматериал ари ахҭыс аазырԥшуа ҭуҵаартә азин узҭо еиҳарак Қарҭ иҵәахуп. Иҳамоу аматериал ала иахьа иаҳҳәар ҳалшоит ари адаҟьа аԥсуа ҭоурых аҟны еиқәаҵәаны ианылеит ҳәа. Улахь еиқәызҵо ауп аҳәынҭқарра астатус аларҟәра", - иҳәеит Габелаиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: