АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит урыстәылатәи агани дареи Идлиб азҵаара аганахьала реилацәажәарақәа иззыԥшыз алҵшәа шырмоуз, убри инадҳәаланы Идлиб арратә операциа ишазыхиоу азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара ҳзыҿцәажәо атәылақәа Идлиб иахәҭоу рзыҟамҵозар, ҳара уи ҟаҳҵоит. Макьаназы аиҿцәажәарақәа ҳара иаҳҭаху алҵшәақәа ҟарымҵац. Ҳара ҳхатәы операциа амҩаԥгара ҳазыхиоуп", - иҳәеит иара.
Ердоган иазгәеиҭеит Анкара Идлиб ишәарҭаду ҭыԥны ишыҟанаҵо.
Шьамтәыла аҩадатәи ахәҭаҿы аибарххарақәа ирхырҟьаны Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи реиҿцәажәара актәи аетап мҩаԥган ииасыз амчыбжь азы Анкара. Аҩбатәи аетап – Москва.
Ердоган уаанӡа иҳәахьан Владимир Путин Башар Асад диқәыӷәӷәароуп шьамтәылатәи ар Идлиб ажәылара иаҟәыҵырц азы ҳәа.
2017 шықәса рзы Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иран еилацәажәеит Шьамтәыла адеескалациатә зонақәа ԥшьба аԥырҵарц. 2018 шықәса рзы урҭ рҟынтәи хԥа шьамтәылатәи амчрақәа рнапахьы ииасит. Аԥшьбатәи азона апровинциа Идлиби апровинциақәа Латакиа, Хама, Алеппо иҟоу иахьа уажәраанӡагьы Шьамтәыла анапаҵаҟа иҟам. Аиҳарак ара амчра змоу "Джебхат ан-Нусра" атеррористцәа роуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҭырқәтәыла ахада иааҭҟьаратә ҟазшьа - Урыстәылазы ихәарҭоуп