Ҭырқәтәыла ахада иааҭҟьаратә ҟазшьа - Урыстәылазы ихәарҭоуп

© AFP 2023 / OZAN KOSEПрезидент Турции
Президент Турции  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла ахада аҽазныкгьы иааирԥшит аҽынкылара шимам, абас лыҩуеит РИА Новости азы автор Ирина Алкснис.

Ҭырқәтәыла ахада аҽазныкгьы иааирԥшит аҽынкылара шимам. Ашәахьаҽны иҟалараны иҟаз Украинатәи иныҟәара аламҭалаз Реџьеп Таип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит итәыла "Ҟрым закәандарылатәи аннексиа" азханаҵом ҳәа. Киев дахьнеизгьы аҳаҭыртә ҟарул "Слава Украине" ҳәа аԥсшәа реиҳәеит.

Ари иунамырбарц залшом шьамтәылатәи Идлиб акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы Москва ҵәык аҵеиҵар шиҭаху.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Ердоган Урыстәыла ахара адиҵоит Дамаск иаҳәо иацныҟәоит ҳәа. Ҭырқәтәыла ахада рацәак иажәақәа дрышьклаԥшуам, убас иара иҳәеит урыстәылатәи аган "ҳамҩа шәаныҵ", адырра аҳҭеит ҳәа.

Кремль арҭ ацәажәарақәа акыр хынкыларыла ирыдыркылеит. Уи ианыԥшит Анкара аҭаҟьаҭасра ԥсыҽрак акәны.

Идлиб — Ҭырқәтәыла иавоу Шьамтәыла аҩада-мраҭашәаратәи регионуп.иара рнапаҿы иҟоуп аиҳабыра ирҿагыло ар. Урҭ ирылоуп атеррористтә гәыԥқәагьы ("Джебхат ан-Нусра"*).

Премьер-министр Турции Реджеп Тайип Эрдоган во время совместной с президентом России Владимиром Путиным - Sputnik Аҧсны
Ердоган урыстәыла-ҭырқәтәылатәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьа далацәажәоит

Иазгәаҭатәуп ари аҭыԥ аҿы Ҭырқәтәыла ахатәы интиресқәа шамоу. Уи ауп Идлиб акәша-мыкәша аибашьра ҭбаа аанкылара иазырхо жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа ирмаҭәарны изыҟалахьо, Дамаск ахылаԥшра алмыршо деискалациатә зонаны изыҟо.

Ус шакәугьы шьамтәылатәи ар ари аҵакыраҿы атеррористтә гәыԥқәа ирҿагылоуп. Убас, 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы аиҳабыратә ар Идлиб аоперациа амҩаԥгара иалагеит.

Уажәазы аибашьра цоит ақалақь Саракиб азы. Шьамтәылатәи ар ари ақалақь иаԥну ақыҭақәа жәпакы рхы иақәиҭыртәхьеит.

Анкара уи шаднакыло уахәаԥшыр апроцесс Дамаск ишаҭаху имҩасуеит.

Мышқәак раԥхьа аҭагылазаашьа еибарххеит. Усҟан аҳауаҟынтә Идлиб аехсраан иҭахеит Ҭырқәтәыла атәылауаа ааҩык, хәҩык аруаа абрахь иналаҵаны. Жәҩык аруаа ахәрақәа роуит. Ердоган иажәақәа рыла 76 шьамтәылатә солдаҭ ааха рыҭан.

Аекспертцәеи анаԥшыҩцәеи гәыҩбара рымам Ҭырқәтәыла ахада гәеибакрыла ицәажәара Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа ишаԥырхагам азы.

Шьамтәылатәи аусқәа ирылахалоу аҳәынҭқаррақәа ринтересқәа ахырхарҭа рацәа шрымоу зегь еицырдыруа усуп. Ганцыԥхьаӡа ирыхәашоуп изышьҭо.

Президент Турции Реджеп Тайип Эрдоган - Sputnik Аҧсны
Ердоган: ҳара иҟаҳҵаша ҳаҳәара аҭахӡам

Иара убри аан Анкареи Москвеи рыбжьара аҵак ду змоу атемақәа рацәаӡоуп— шьамтәылатәи ахырхарҭа урҭ зегь азыԥсахуам.

Имҩаԥысуа ахҭысқәа ирҿырԥшны иумбар залшом Урыстәыла адәныҟаполитикатә стратегиа заҟа иҭышәынтәаланы аус ауа. Уи знеишьа ҷыданы иамоуп наҟ-ааҟ еицырзыфеидо апроектқәа аус рыдулара. Ари аибарххарақәа арԥсыҽуеит, даҽа хырхарҭак ахь иианагоит.

Ердоган украинатәи атема ихы иаирхәеит Москва уи агәы иалакьакьап ҳәа ишьаны. Аха Урыстәылазы ари атема маҷк инықәсхьеит, Ҭырқәтәыла ахада Киев ахь иааирԥшыз абзиабарагьы хырыҩ анаҭеит.

Уи инеиҳау аҽак ацәыргара дара аҭырқәцәа рхаҭақәа рзы ишәарҭахар алшоит, уи даргьы ирдыруеит.

Абасала Ердоган аҽазныкгьы ихнымкылара ааирԥшит ауп. Иҩаӡара змоу аҳәынҭқарратә уаҩы ари аҩыза аҟазшьа идурҽхәалартә иҟам.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0