Арадио

Арҷелиаԥҳа: агәыҵәкра еиҳарак ахацәа хҭакны иамоуп

Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапиа аҟәша аиҳабы Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ахьҭалаларақәа рганахьала иахьазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Арҷелиаԥҳа: агәыҵәкра еиҳарак ахацәа хҭакны иамоуп

"Уажәы ахьҭалалара иахҟьаны иааиуа ачымазцәа маҷхеит егьырҭ амчыбжьқәа ирҿырԥшны. Уи гәырӷьароуп, аха Гәдоуҭантәи ачымазаҩ ахәшәтәырҭаҟны дышьҭаҳҵеит авирус иахҟьаны агәыҵәкра ӷәӷәа зауз. Ус ҳаҟәшаҟны 15–ҩык шьҭоуп ареспиратортә чымазара иахҟьаны.

Ауаҩы имч данақәгәыӷуа бзиоуп, аха данычмазаҩхалак, аҳақьымцәа дрыдҵааларуп, избанзар ареспиратортә чымазараҿкы иахҟьаны еиҳарак ахацәа агәыҵәкра ихҭанакуеит. Агрипп иахҟьаны ахацәа еиҳа агәыҵәкра рыхьуеит, избанзар аҭаҭын иахо рацәаҩуп", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.