Бганба аусԥҟа инапы аҵаиҩит аицлабра "Аԥсны агәадура" амҩаԥгаразы

Аиҿкааҩцәа шақәгәыӷуа ала, аицлабра иқәыԥшу, аҟыбаҩ злоу аҿар рзы имҩақәҵагахар ауп урҭ наҟ-наҟ анапхгараҭаратә усура рнапы аларкырц азы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аусԥҟа инапы аҵаиҩит аҿар рыбжьара аицлабра "Аԥсны агәадура" амҩаԥгаразы ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада исаит.

Адокумент иазԥхьагәанаҭоит хәажәкыра 10, 2020 рҟынӡа аицлабра амҩаԥгашьа аплан аиҿкаара, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки, аексперттә уаажәларра ахаҭарнакцәеи алархәны аиҿкааратә еилакы аилазаара ашьақәыргылара.

Аминистрцәа Реилазаара Аппарати аҳәынҭнапхгараҭара аусбарҭа хадақәеи рнапы ианҵоуп аицлабратә уснагӡатәқәа реиҿкаараҿы ацхыраара аҟаҵара.

Аиҿкааҩцәа шақәгәыӷуа ала, аицлабра "Аԥсны агәадура" иқәыԥшу, аҟыбаҩ злоу аҿар рзы имҩақәҵагахар ауп урҭ наҟ-наҟ анапхгараҭаратә усура рнапы аларкырц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: