Арадио

Анқәабԥҳа: абызшәа аиқәырхаразы аусура цозароуп "хыхьынтәгьы" "ҵаҟантәгьы"

Аԥсуаҭҵааратә институт адиалектологиатә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, афилолог Альбина Анқәабҳәа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит лгәаанагара аԥсуаа рхатәы бызшәа ахархәара амазарцаз иҟаҵатәу.
Sputnik
Анқәабԥҳа: абызшәа аиқәырхаразы аусура цозароуп "хыхьынтәгьы" "ҵаҟантәгьы"

Жәабран 21 ахатәы бызшәа жәларбжьаратәи иамшны иԥхьаӡоуп. 

"Аԥхын Уельсынтәи даҳҭан асас, иара абызшәа аиқәырхаразы аџьабаа ду ибахьеит, избан акәзар уа авалииццәа рбызшәа аныӡаара амҩа иқәгылан. Уажәы аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҽеиҭанакит. Излаҟалеи ус еиԥш ҳәа ҳаниазҵаа, иҳәеит- ажәлар рхаҭа ирныруа ишалагаз, иаарыкәыршан иҟаз амчрақәа зегьы рықәыӷәӷәара ишалагаз. Абызшәа адагьы ус рнапаҵаҟа иҟазгьы рцәыӡуа иалагеит. Рхаҭара атәы зҳәо рцәыӡуа ианалага, рыхдырра ҿыхеит ҳәа. Ашколқәа рҿы ахәыҷқәа рхатәы бызшәа инаваргыланы англыз бызшәагьы бзиан ирҵо ашколқәа аартра рылшеит. Ҳара ҳауаажәларра рыхдырраҿы, ицәырҵуа иалагеит азҵаара, изаҳҭахузеи аԥсшәа ҳәа, ахархәара абамоу ҳәа. Абри аҭак ауп зегьы ирыцку, азҵаарагьы ииашоуп. Ҳымԥада, ус еиԥш аҭагылазаашьа аԥызҵаша, абызшәа аҭаххартә еиԥш иҟазҵаша хыхь ауп. Абызшәа аиқәырхаразы аусура цозароуп хыхьынтәгьы ҵаҟантәгьы. "Аԥсыӡ хыхьынтә ибаауеит" ҳәа баша ирҳәом, ҳара ҳазқәу амҩа ари ажәаԥҟа ианаалоит", - ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: