Гагьидатәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит зынӡа 65-ҩык ашколхәыҷқәа. Ашкол ахыбра раԥхьаӡакәны иргылан 1898 шықәса рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шш.) шьаҭанкыла иблын. Аҩынтә раан ашкол блын 1998 шықәса рзы, ақырҭуа партизанцәа Гал араион рнапаҿы иааргарц рҽаназыршәоз аамҭазы Аԥсны арбџьармчқәа ахы ианақәиҭыртәуаз.
Иахьатәи аамҭазы ашкол ахыбра арҽеира азҵаара ақәыргылара шаҭаху ӷәӷәала ианыԥшуеит. Аҵаратә процесс анагӡаразы акласстә уадақәа урыҩналаратәы иҟам, аҭуанқәа аӡы ркылсуеит, аӷәтәы дашьмақәа ашықәс рацәа рныԥшуеит, иажәит, иуҵабго аҟынӡа, аҭӡамцқәа ракәзар, еилаҳарц акгьы рыгым. Ашкол аҩнуҵҟа ахәыҷқәа ирымам абаҩрҵәыра аурокқәа ахьымҩаԥырго азали, насгьы ахәылԥазқәеи, аныҳәақәеи ахьымҩаԥыргаша иақәнагоу акттә азали.
Акрыфарҭа ахаҭыԥан ирымоу ашкол аҩнуҵҟа акәымкәа, маҷк инаскьаганы ашкол иаҿаԥшьу ргыларак, уаҟа ирӡуеит ашыла иалху ахаақәа.
Ашколхәыҷкәа аӡәырҩы сааҭла амҩа иқәхоит ашкол аҿы инеирц азы, уи зыхҟьогьы ақыҭаҟны ахәыҷқәа назга-аазго автобус аҟамзаара ауп. Убри иахырҟьаны амшқәа аныцәгьоу ахәыҷқәа ашкол бжьарыжьуеит, ичмазҩымхарц азы.
Ашкол анапхгареи уаҟа аус зуа арҵаҩцәеи изларҳәо ала, иҳәынҭқарратәым аилахәырақәа ҩышықәса раԥхьа ажәа рырҭахьан ашкол арҽеира нап шадыркуа атәы, аха иахьа уажәраанӡа лҵшәа ыҟаӡам, аха ашкол анаԥхгара шыԥшыц иԥшуп.
Гагьидатәи абжьаратә школ аҟны аус зуа арҵаҩцәа егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи иаауа роуп. Урҭ изларҳәо ала, ашкол аҟны инызкыло мзыз заҵәык ауп - даҽа усурҭа ҭыԥк аҟамзаара. Абас еиԥш ихәыцуеит ақыҭаҟны изызҳауа аҿаргьы, рқыҭа аҿиара ҭыԥк аҟны иахьгылоу азы уи аанрыжьырц рҭахуп.